Урыстәыла аиҳабыра ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақәа аԥаратә шәарацҵа рзышьақәнарӷәӷәеит

© Sputnik / Александр Поляков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМать с ребенком
Мать с ребенком - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥаратә шәарацҵа аиуразы арзаҳал анашьҭра ҟалоит Урыстәыла Атәанчахәытә фонд асаит аҟны ухатә кабинет ахь, ма аҳәынҭмаҵзурақәа рпортал ахь.

АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Урыстәыла аминистрцәа реилазаара ахәыҷқәа змоу аԥаратә шәарацҵара рзыҟаҵара шьақәнарӷәӷәеит. Абри азы аусдҵа кьыԥхьуп Аиҳабыра рсаит аҿы.

Ситуация в городах России в связи с коронавирусом - Sputnik Аҧсны
COVID-19 аҟынтәи аиммунитет зауа рыпроцент дуум

Урыстәыла ахада Владимир Путин лаҵара 11 рзы амилаҭ рахь иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ иҳәеит акоронавирустә пандемиа инадҳәаланы атәылауаа ацхыраара шрыҭатәу, раԥхьа иргыланы ахәыҷқәа змоу.

Хышықәса инаркны жәохә шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақ́а рашәара 1 инаркны хәыҷыцыԥхьаӡа изы зныкала жәаба-жәаба нызқьмааҭ роуеит.

Аԥаратә шәарацҵа аиуразы арзаҳал анашьҭра ҟалоит жьҭаара 1 аҟынӡа Урыстәыла Атәанчахәытә фонд асаит, ухатә кабинет ахь, ма аҳәынҭмаҵзурақәа рпортал ахь. Ахәаԥшра аҿҳәара – хәымш. Аԥарашәара мҩаԥгахоит хымш рыҩныҵҟа.

Зныктәи аԥарацҵа роуеит иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәылатәи Афедерациаҿ инхо Урыстәыла атәылауаа.

Уи анаҩсгьы хышықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақәа зегьы хәыҷыцыԥхьаӡа рзы хәба-хәба нызқьмааҭ рзыршәоит мшаԥы, лаҵара, рашәара амзақәа рзы.

Абри азгьы арзаҳал нашьҭтәуп Урыстәыла Атәанчахәытә фонд ахь.

Ан лмал азы асертификат змоу аҭаацәарақәа абри аҩыза азин роуит мшаԥы-рашәара амзақәа рзы аԥараиуразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0