Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 8849 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование россиян на наличие антител к COVID-19 в Москве
Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы Урыстәыла иахьаҵанакуа 317 554-ҩык акоронавирустә инфекциа рымоуп 85 регион рҿы.

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Урыстәыла аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 8849 коронавирус хҭыс ҿыц аҭыԥ аман ҳәа аанацҳауеит COVID-19 иаҿагылан ақәԥаразы Москва аоперштаб.

Ичмазаҩхаз рҟынтәи 42% ачымазара аҟазшьақәа рыдубаломызт.

Уахыки-ҽнаки рыла рыԥсҭазаара иалҵит 127-ҩык. Ргәы бзиахеит 7289-ҩык, зынӡа иԥсхьеит 3099-ҩык, ргәабзиара шьақәгылахьеит 92 681-ҩык.

Аԥсны апандемиа ааҟалазар 25-ҩык чмазцәахахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит. Иахьазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп 20 пациент.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0