Аҳақьым: ҭагалан Урыстәыла акьыбачымазара зыхьуа рацәаҩхоит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота онкодиспансера в Тамбове
Работа онкодиспансера в Тамбове - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла акьыбачымазара ахәышәтәырҭақәа жәпакы акоронавирустә инфекциа ахәышәтәра иаздырхеит.

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Аҳақьымцәа ргәаанагарала ҭагалан Урыстәыла иахьаҵанакуа акьыбачымазара гәыгәҭажь ахыԥхьаӡара акыр иҳаракхоит. Абри аҩыза агәаанагара шимоу иҳәеит МГОБ №62 "онкоколопроктологиа" аҟәша аиҳабы Илиа Черниковски агазеҭ"Известия" аинтервиу анеиҭоз.

Аҳақьым ишиҳәо ала, арҭ ахәышәтәырҭақәа дара рхырхарҭала аус рулароуп.

"Аҩада-Мраҭашәаратәи аокруг аҿы ахәышәтәырҭақәа хԥа акьатеи иаша акьыба ахәышәтәра иазырхоуп. Урҭ рҟынтәи ҩба авирус ахәышәтәра иазыркит, уа зҽызхәышәтәуаз апациентцәа зегьы ҳара ҳахь ииагоуп" - иҳәеит Черниковски.

Иара иажәақәа рыла, акоронавирустә ҭагылазаашьа иахырҟьаны иаанкылоуп аҭҵааратә усурақәа, акьыбачымазара заанаҵы аилкааразы.

"Ҭагалан, ауаа адачақәа рҟынтәи ианыхынҳәуа ихьшәахахьоу ачымазара хыԥхьаӡара рацәала ҳазыԥшуп. Иҷыдоу ахәышәтәырҭақәагьы анырра ӷәӷәа роуеит", - ҳәа иҳәоит иара.

Иахьазы ВОЗ адыррақәа рыла адунеи аҿы 4,8 миллионҩык COVID-19 рымоуп, 317 нызқьҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит. Урыстәыла 309 нызқьҩык коронавирус рымоуп, х- нызқьҩык ԥсхьеит.

Аԥсны акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара 25-ҩык ыҟоуп. Хҩык ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы 20-ҩык шьҭоуп. 

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0