Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 8946 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на антитела к коронавирусу
Тестирование на антитела к коронавирусу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла иахьаҵанакуа 353 427-ҩык акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит арегионқәа 85 рыҟны.

АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла иаарԥшын 8946 коронавирус хҭыс ҿыц 83 регион рыҟны.

Иаарԥшыз апациентцәа рахьтә 43,7% ачымазара шрылоу рызгәамҭакәа имҩасуеит.

Уахыки-ҽнаки рыла 92-ҩык акоронавирус змаз рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 5499-ҩык. Апандемиа ааҟалеижьҭеи Урыстәыла иахьаҵанакуа 3633-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара ҭышәынтәалеит 118 798-ҩык.

Москва 2560 коронавирус хҭыс ҿыц шьақәыргылоуп, аҳҭнықалақь аҟны зынӡа 166 473-ҩык акоронавирус рыхьны иҟоуп. Убри аан урҭ рыбжаҩык 45 шықәса иреиҵбуп.

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 28-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә жәиԥшьҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0