Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 8 915 коронавирустә хҭыс ҿыц азгәаҭоуп

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование россиян на наличие антител к COVID-19 в Москве
Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла иахьаҵанакуа 362 342-ҩык акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит арегионқәа 85 рыҟны.

АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла иаарԥшын 8 915 коронавирустә хҭыс ҿыц 83 регион рыҟны.

Иаарԥшыз апациентцәа рахьтә 41,1% ачымазара шрылоу рызгәамҭакәа имҩасуеит.

Уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус змаз 174-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 12 331-ҩык. Апандемиа ааҟалеижьҭеи Урыстәыла иахьаҵанакуа 3 807-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара ҭышәынтәалеит 131 129-ҩык.

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 28-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә жәохәҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0