Ҟәбан акарантинтә уснагӡатәқәа рыҿҳәара инахоуп

Анапаҵаҩра
Арегион аҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа маҷ-маҷ ишьақәгылоит. Уи иабзоураны лаҵара 23 рзы иҟаз аԥкырақәа шьоукы рырԥсыҽра алыршахеит.

АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә анапхгара акарантинаамҭа рашәара 21 аҟынӡа инахеит ҳәа аанацҳауеит атәылаҿацә ахадара асаит.

"Лаҵара 9 инаркны иахьанӡа ачымазаҩцәа 2904-ҩык азгәаҭоуп. Иубарҭоуп лаҵара 1 инаркны ачымазара маҷк ишкаҳаз, 5,9% рҟынтәи 2% рҟынӡа. Акоронавирустә инфекциа ҿыц аҩаӡарагьы шьҭыҵым, аха макьаназы аԥкырақәа зегь аԥаҳхыртә иҟам аҭагылазаашьа. Убри азы иӡбоуп акарантин иацҵазарц", - лҳәеит атәылаҿацәтә оперштаб аилатәараан краснодартәи Роспотребнадзор анапхгаҩы Мариа Потиомкина.

Арегион амедицинатә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәагьы акарантинаамҭа аҿҳәара инахатәуп ҳәа иршьоит. Дара ргәаанагарала аиҭанеиааира аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еицәанатәыр ҟалоит.

"Акурорттә сезон аартуа ҳара еилаҳкаауазароуп ачымазара аҽарҭбаар шалшо. Убри азы акарантинтә уснагӡатәқәа зегь аԥыхтәуп ҳәа аҳәара заауп", - иҳәеит аҿкычымазаратә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Сергеи Зотов.

Вениамин Кондратиев аҟазауаа дырзыӡырыҩны акарантин аҿҳәара днахарц аӡбра идикылеит.

Адунеи зегь аҿы авирус рыдбалоуп 6-миллионҩык, Урыстәыла – 400 000-ҩык ириеҳаны.

Аԥсны COVID-19 ахҭысқәа 35 азгәаҭоуп, 27-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы дыԥсит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0