Путин ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аконституциахь ариашарақәа рзы рыбжьы арҭарц

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание о реализации мер поддержки экономики и социальной сферы
Президент РФ В. Путин провел совещание о реализации мер поддержки экономики и социальной сферы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин урыстәылаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аконституциахь ариашарақәа рзы рыбжьы арҭарц.

АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин урыстәылаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аконституциахь ариашарақәа ралагаларазы рыбжьы арҭарц, иазгәеиҭеит бжьык иадымхаргьы аҵакы аманы ишыҟоу.

"Уаҵәы, ԥхынгәы 1 азы абжьыҭара иамш хадоуп. Шәара шәахь схы нарханы аҳәара ҟасҵоит шәажәа, шәгәаанагара аашәырԥшырц. Дасу шәыбжьы – даара аҵакы амоуп, зегь раасҭа ихадоуп", – иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин, Ржев амҵан Асовет солдаҭ ибаҟа амҵан иқәгылараан, иуаажәлар рахь ихы нарханы.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит ауаапсыра рыбжьы зырҭиуа ариашарақәа рымацара рзы шакәым, ауаа агәабзиарахьчара ҳарак, аҵарадырра ҳарак, асоциалтә хьчара ҳарак ахьыҟоу атәыла зегьы азы шакәу.

МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР аусзуҩцәа Урыстәыла Аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы абжьыҭара мҩаԥыргеит

Путин иазгәеиҭеит ариашарақәа амчра шроуа атәылауаа рақәшаҳаҭра ашьҭахь.

Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәыла Аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы абжьыҭара мҩаԥгахоит ԥхынгәы 1 азы, Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы (Аҟәа, Лакоба 45). Араионқәа рхадацәа адырра ҟарҵеит ишазыхиоу абжьаҭара аиҿкааразы ацхыраара аҟаҵара. Уи азы Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭахь ауаа рнагаразы атранспорт азырхиахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0