Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара онлаин-бжьыҭара хацнаркит

© Sputnik / Игнасио Амикони / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие выставки победителей конкурса им. А. Стенина в Буэнос-Айресе
Открытие выставки победителей конкурса им. А. Стенина в Буэнос-Айресе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Онлаин-бжьыҭараҿ иаиааиз рыхьӡқәа рыларҳәоит нанҳәамзазы, аинтернет аҿы реиҳа алаҵәара зауз афотосахьа автор аконкурс адиплом иоуеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Андреи Стенин - 2020 онлаин-бжьыҭира хацыркхеит аиндаҭлара асаит аҟны урысшәалеи англыз бызшәалеи.

Ахархәаҩцәа ирымоуп алшара шорт-лист иаланагалаз аусумҭақәа иреиӷьу алыркаарц.

Онлаин-бжьыҭира алахәхаразы асоциалтә ҳақәа: ВКонтакте, Facebook, Twitter, Weibo рҟны аккаунт умазароуп. Абжьыҭара мҩаԥысуеит ԥхынгәы 31 асааҭ 23:59 аҟынӡа.

Андреи Стенин ихьӡ зху аконкурс акуратор, МИА "Россия сегодня" апроектқәа рнапхгаҩы Оксана Олеиник лгәаанагарала онлаин-бжьыҭара аинтернет-аудиториа ирнаҭоит алшара ирҭаху иалхраан жәларбжьаратәи ажиурии дареи аимак-аиҿак мҩаԥыргарц, рылкаа ашьақәырӷәӷәаразы.

Открытие выставки победителей конкурса им. А. Стенина в Нью-Дели - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху афотоконкурс ажиури алыркааит

"Иахьа, дарбанызаалак афотосахьа аҟаҵара анилшо, афотосахьа ирацәаҩуп иалацәажәо, лассы-лассгьы аус дырны, агьама бзиа аарԥшны. Ҳ-конкурс ҳаамҭазтәи афотожурналистикаҿы иреиӷьӡақәоу алнахуеит. Убри азы аинтерес ҳзаҵоуп ахәаԥшҩы уи ахәшьара шеиҭо. Апрофессионалтә жиури шорт-лист еиҿнакааит, аԥхьахәқәа ҳәаақәнаҵеит. Урҭ ӡыраагоит цәыббрамзазы. Аинтернет-аудиториа иалырхыз афотосахьа иарбану абжьыҭира иаҳнарбоит. Ҳгәы ҭамгыло ҳарзыԥшуп аихшьаалақәа" ҳәа лҳәеит лара.

Аиааиҩцәа цәыббрамзазы асаит stenincontest.ru | stenincontest.com аҿы рыӡбахә рҳәоит иара убасҟан Москва иаатуеит алауреатцәа рцәыргақәҵагьы.

Аплан аҿы иазԥхьагәаҭоуп итрадициахаз аиааира згаз рроуд-шоу адунеи ақалақьқәа рҿы амҩаԥгара ашықәс нҵәаанӡа.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аконкурс – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0