Урыстәыла АКХ Аконституциахь аиҭакрақәа рзы абжьыҭара иазку заатәи адыррақәа цәырнагеит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота информационного центра ЦИК России
Работа информационного центра ЦИК России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциахь аиҭакрақәа ралагаларазы абжьыҭара ахыркәшаратә хәҭа мҩаԥысуеит ԥхынгәы 1 азы.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа ралагаларазы рыбжьы арҭеит 70,04% Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа, уи иаҿагыланы рыбжьы арҭеит - 28,93%, абарҭ рҩызцәа адыррақәа АКХ ицәырнагеит аԥкаанҵақәа 2,68% аус анрыдырула ашьҭахь.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-анацҳамҭаҩ Максим Литвинов излааицҳауа ала, иахьа, асааҭ 14:00 рҟынӡа Аԥсны рыбжьы арҭахьан 1300-ҩык инареиҳаны Урыстәыла атәылауаа.

Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо, мамзаргьы аамҭала Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа рыбжьы арҭар ҟалоит Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы асааҭ 20:00 рҟынӡа.

Урыстәыла Аконституциа ариашарақәа ралагаларазы Аԥсны 1300-ҩык реиҳа рыбжьы арҭахьеит - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Аконституциа ариашарақәа ралагаларазы Аԥсны 1300-ҩык реиҳа рыбжьы арҭахьеит

Атәыла Аконституциахь ариашарақәа ралагалара иаԥшьгамҭоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин. Иара абри атәы рылеиҳәеит 2020 шықәса ажьырныҳәа 15 рзы Афедералтә еизарахь есышықәсатәи инашьҭымҭаҿы.

Азакәан хада аԥсахрақәа рзырхоуп атәыла ахада, аиҳабыра рлахәылацәа, аҳәынҭқарратә чынуаа рҭахрақәа, аҳәынҭқарра атәылауаа рҿаԥхьа асоциалтә гарантиақәа рырӷәӷәара, апарламент азинмчра аԥсахра, ишьақәнаргылоит аурыс бызшәа астатус. Уи адагьы ариашарақәа иалдыршоит аус зуа ахада еиҭахгьы абри аҭыԥ ахь 2024 шықәса рзы кандидатс ихықәыргылара. Аконституциахь ариашарақәа ахада урыстәылазегьтәи абжьыҭарахь иқәиргылеит.

Аконституциахь ариашарақәа ралагаларазы абжьыҭара мҩаԥысраны иҟан мшаԥы 22 рзы, аха атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны арыцхә ԥхынгәы 1 ахь ииаган.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0