Урыстәыла Аконституциахь ариашарақәа рзы 77,92% урыстәылаа рыбжьы рҭиит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота информационного центра ЦИК России
Работа информационного центра ЦИК России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Алхратә комиссиа хада Урыстәыла Аконституциахь ариашарақәа рзы абжьыҭаратә ԥкаанҵақәа 100% аус рыднаулеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Урыстәыла Аконституциахь ариашарақәа рзы 77,92% урыстәылаа рыбжьы рҭиит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Алхратә комиссиа хада.

АКХ аинформцентр 100% Урыстәыла Аконституциахь ариашарақәа рзы абжьыҭаратә ԥкаанҵақәа аус анрыднаула ашьҭахь ишьақәнарӷәӷәеит ариашарақәа рзы рыбжьы шырҭииз 77,92% урыстәылаа, ишаҿагылоу - 21,27%.

Аконституциа ариашарақәа ралагаларазы абжьыҭара мҩаԥысраны иҟан мшаԥы 22 рзы, аха атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны Урыстәыла ахада Владимир Путин иусԥҟала арыцхә ԥхынгәы 1 ахь ииаган. Иара убасгьы иҟоу ашәарҭарақәа раԥырҟәҟәааразы абжьыҭара цон рашәара 25 инаркны ԥхынгәы 1 аҟынӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0