Урыстәыла АШәМ Ростовтәи аобласт аҿы атеракт аԥдырҟәҟәааит

© Sputnik / Евгений БиятовФСБ России
ФСБ России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла АШәМ адиректор Александр Бортников иқәгылара инақәыршәаны, аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа Урыстәыла 160 теракт рымҩаԥгара аԥырҟәҟәаан, 2019 шықәса рзы – 43.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура иаадырԥшит "Исламское государство" алахәылацәа ргәыԥ Ростовтәи аобласт аҿы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ ауаажәларра рнырразы Ацентр.

"Дара аполициаа рықәлареи амедицинатәи аҵараҵаратәии усбарҭақәа рҿы атеррористтә акциақәеи рымҩаԥгара рҽаздырхион", - аҳәоит арелиз аҿы.

Аоперациа ҷыда мҩаԥган Азовтәи араион аҿы. Агәыԥ ахада иаанкылараан аҿагылара ҟаиҵеит автомат Калашников ала дхысуа, нас арԥжәагала иҽԥижәеит. Иара дҭахеит, егьырҭ ахәҩык аанкылоуп.

Иааныркылаз ргәаҭараан ирыдбалоуп автоматқәа, аџьаԥҳаны, ахалаҟаҵаратә рԥжәага, анаркотикқәа.

Атеракт, абџьар закәанда ахархәара, азинхьчаратә усбарҭақәа рҿагылара рзы ашьаус хацыркуп.

Урыстәыла АШәМ адиректор Александр Бортников иқәгылара инақәыршәаны, аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа Урыстәыла 160 теракт рымҩаԥгара аԥырҟәҟәаан, 2019 шықәса рзы – 43.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0