Урыстәыла иаԥнахит иҭало атәымуаа рзы ихымԥадатәу акарантин

© REUTERS / Peter CziborraПассажир предъявляет свой паспорт сотруднику в аэропорту Гатвик, Великобритания
Пассажир предъявляет свой паспорт сотруднику в аэропорту Гатвик, Великобритания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла егьырҭ атәылақәеи иареи рыбжьара изаамҭанытәуи ачартертәи ареисқәа ааннакылеит хәажәкыра 27 инаркны. Иахьазы имҩаԥысуа аҳәаанырцәынтә урыстәылауаа аазго ареисқәеи, аидарамҩангаратә, аԥошьҭатә, асанитартә реисқәеи роуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Ԥхынгәы 15 инаркны Урыстәыла ихымԥадатәу ҩымчыбжьатәи акарантин аԥнахуеит атәыла иалало аҳәаанырцә тәылауаа рзы, абри атәы зҳәо Роспотребнадзор аиҳабы Анна Попова лықәҵара қьыԥхьуп азинтә информациа аинтернет-портал аҟны.

Урыстәыла егьырҭ атәылақәеи иареи рыбжьара аҳаиреимадара ԥнакуеит амза 23 инаркны - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла егьырҭ атәылақәеи иареи рыбжьара аҳаиреимадара ԥнакуеит амза 23 инаркны

Урыстәылаҟа иаауа аҳәаанырцәуаа рҟынтә иаҭаххоит урысшәала, ма англыз бызшәала ишьақәыргылоу акоронавирус уцәа ишалам шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы, хымш иреиҳаны изхымҵуа.

Абри аҩыза атест змам уи арҭар ҟалоит даҽа хымш ирылагӡаны.

Уаанӡа Роспотребнадзор абжьгара ҟанаҵеит Урыстәылеи 13 тәылеи рыбжьара аҳаиреимадара еиҭахацыркзарц: Германиа, Италиа, Британиа Ду, Польша, Даниа, Финлиандиа, Венгриа, Нидерланды, Норвегиа, Китаи, Шри-Ланка, Виетнам, Монголиа.

Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова аҳәамҭа ҟалҵеит аҳәаанырцәҟа ахаиреимадара аиҭахацыркразы ихадароу ԥҟарас иҟоу, урҭ атәылақәа рҿы ачымазара алаҽра аганахьала ишьақәгыланы иҟоу аҭагылазаашьа шакәу.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0