АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik. Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 5 940-ҩык авирус рыдбалоуп арегионқәа 85 рҿы ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперштаб.
Авирус зыдбалаз рҟынтәи 26,2% аклиникатә ҟазшьақәа рныԥшуамызт.
Уахыки-ҽнаки рыла рыԥсҭазаара иалҵит 85-ҩык, ргәы бзиахеит 3 258-ҩык.
Зынӡа атәылаҿы COVID-19 иахҟьаны 12 427 ԥсыҭбара азгәаҭоуп, 553 602-ҩык ргәы бзиахахьеит.
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аштаб адыррала, ареспубликаҿ 38 чымазара хҭыс ыҟан, урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Венгриеи Урыстәылеи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит акоронавирус аҟынтәи алаҵа Венгриа азынашьҭразы ҳәа иҳәеит Венгриа адәныҟатәи аусқәеи адныҟатә хәаахәҭреи рминистр Петер Сиаиартои. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ари ԥыжәара зҭатәу милаҭтә зҵаароуп, уи ишалшо ала ирццактәуп. Алаҵа иаарласны аиуразы Урыстәылеи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, зыгәра угаша алаҵа Венгриа аиуразы. Алаҵа арахь иаашьҭхоит х-етапкны", - ҳәа иҳәеит Сиаиарто Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои иареи Москва реиԥылара ашьҭахь.
Венгриа Афармокологиеи афатәи рмилаҭтә институт акоронавирус аҿагылараз урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ашәҟәы иҭанагалеит. Абас ала, Венгриа, Евроеидгыла атәылақәа рахьынтәи ираԥхьатәихеит алаҵа "Спутник V" официалла зҵакыраҿы аҟаҵара ауа. Венгриа алаҵа ҭаҩуп ирццаку апроцедура (emergency use authorization) аҳәаақәа ирҭагӡаны, "Спутник V" аклиникатә ҭҵаарақәа рдыррақәа рышьаҭалеи Венгриатәи аекспертцәа ргәаанагарақәа рышьаҭалеи.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Алаҵа "Спутник V" аиуразы 50 тәыла азыҳәақәа ҟарҵеит
Миллионки бжаки инареиҳаны COVID-19 аҟынтәи алаҵа "Спутник V" ҟарҵахьеит
COVID-19 аҟынтәи ахԥатәи алаҵа хәажәкырамзазы ихиахоит
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Урыстәыла афинансқәа рминистрра ажәалагала ҟанаҵеит ԥхынгәы 1 инаркны мызкы аҩнуҵҟа ЕАЕС аиҭалалараан атауарқәа баџьдатәи рхымс еиҭакзарц - 50 евро рҟынӡеи 10 кьылак аалыҵи ҳәа. Абри азы Евразиатәи аекономикатә комиссиа (ЕЕК) аӡбара кьыԥхьуп анормативтә зинтә актқәа рыпроектқәа рфедералтә портал аҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Ажьырныҳәа 1 2019 шықәса инаркны ирыдкылан анорма, зҳәаала ахатәхархәаразы ахатәхаҿқәа баџьда 500 еврои 25 кьыла аалыҵи ииаргар ауаз. Адокумент инақәыршәаны Афинансқәа рминистрра актәи алалараан ари анорма еиқәырханы, аҩбатәи алалараани егьырҭ амза аҩнуҵҟа ралалараани еиҵартәарц ажәалагала ҟанаҵеит.
"Ԥхынгәы 1 2021 шықәса рзы ахәԥса 500 евро иашьашәалахоит, акапан 25 кьыла еиҳам мзартә мзак аҩнуҵҟа знык; ахәԥса 50 евро иашьашәалахоит, акапан 10 кьылак еиҳам мзартә мзак аҩнуҵҟа ҩынтәи хынтәи раан", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.
ЕАЕС аҵакыра алалара аԥҟарақәа аус руеит аурыс-аԥсуа ҳәааҿгьы. Евразиатәи аекономикатә комиссиа аӡбарала Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аӡәы илшоит ииаигар декларациада 25 кьыла ақыҭанхамҩаалыҵ.
Ари инахыҳәҳәо аҭагылазаашьаан ишәатәуп абаџь атауар ахәԥсаҟынтәи 30% инаӡо. Убри адагьы ақыҭанхамҩаалыҵ азы афитосанитартә сертификат хымԥадатәиуп.
Атәыла ахада аилатәараан афымцамч ахархәараз арбагақәа ааигеит. Урҭ инарықәыршәаны, 2020 шықәса рзы иҟаз ахархәара 2019 шықәсатәи ахархәара иаҿырԥшны 21 процент еиҳахеит.
Ахада адҵа ҟаиҵеит араионқәа рҿы аштабқәа аԥырҵарц, урҭ русура афымцамч ахархәара аиҵатәра иаздырхарц иҳәеит. Апроблема ӡбамхар, акадртә еиҭакрақәа мҩаԥгатәхоит ҳәа иҳәеит ахада.
Аԥхьатәи алҵшәақәа мчыбжьык иахымгакәа иҟалароуп ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа. Иара убас есышьыжь асааҭ 10 рзы аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡои ахада Иусбарҭа аиҳаби рҿаԥхьа русуразы аҳасабырба ҟарҵаларц рыдиҵеит.
"Мчыбжьык иалагӡаны араионқәа рҿы афымцамч ахархәара лаҟәымхар, ишәырҭаз адокумент аҿы иарбоу 2019 шықәсазтәи анорматив 5 % ацны аҟынӡа имнеир, араион ахада, амилициа аҟәша аиҳабы, апрокурор, аенергетик – зегьы лахь рыҭахоит, иааиуа егьи ашәахьазы русура иамххоит", - ҳәа инаҵишьит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.