Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ливанҟа адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит

© AP Photo Hassan AmmarПоследствия взрыва в Бейруте
Последствия взрыва в Бейруте - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ливан аҭыԥ змаз аԥжәара иахҟьаны, аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, шәҩык ауааԥсыра ҭахеит, ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа аахақәа роуит. Иҟоуп иара убас хабарда ибжьаӡыз.

АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ливантәи ареспублика аҳәаанырцәтәи аусқәеи аемигрантцәа русқәеи рзы аминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Беирут иҟалаз арыцҳара инамаданы ҳәа аанацҳауеит аминистрра асаит.

"Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ гәалсра дула ирыдыркылеит Беирут ақалақь абаӷәазаҿы аҭыԥ змаз арыцҳара. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсрыла ирыдышшылоит иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ааха змоу иаарласны ргәабзиара ашьқәгылара рзеиӷьаҳшьоит. Шәгәырҩа шәыцеиҩаҳшоит", - ҳәа аҳәоит адышшыларатә шәҟәы.

Аҩаша ахәылбыҽха Беируттәи абаӷәазаҿы аԥжәара ӷәӷәа ҟалеит. Адыррақәа злаҟоу ала, уи зыхҟьаз 2750 тонна аммиактә селитра ишахәҭаз иахьыҵәахымыз ауп. Ақалақь аҟны ахыбрақәа еилаҟәыбасоу рацәоуп. Ливан анапхгара атәылаҿы хымштәи аџьабара рыларҳәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0