Адунеи аҿы ираԥхьатәиу: Урыстәыла авирус азы алаҵа ԥыршәоит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Казани запустили проект по разработке вакцины от коронавируса
В Казани запустили проект по разработке вакцины от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алаҵа аклиникатә ԥышәара мҩаԥнагеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рыҭҵааратә Центр Сеченов ихьӡ зху ауниверситет аҿы рашәара 18 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рыҭҵааратә Центр иԥнашәаз урыстәылатәи алаҵа аҭаҩра мҩаԥгахоит нанҳәа 12 рзы ҳәа аанацҳауеит COVID-19 иаҿагылан ақәԥаразы Москва аоперштаб.

Аԥхьа алаҵа рзыҟарҵоит аҳақьымцәеи абыргцәеи ҳәа иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Гриднев.

"Уажәы аԥышәара ахԥатәи аетап мҩаԥысуеит. Алаҵа шәарҭара аламзароуп. Аԥхьа алаҵа рзыҟарҵоит аҳақьымцәеи абыргцәеи", - иҳәеит Гриднев, Уфа аонкоцентр акорпус аартраан ажурналистцәа дрыҿцәажәо.

Уаанӡа аминистр Михаил Мурашкоиҳәахьан Урыстәыла массала алаҵаҟаҵара шалшо жьҭаара инаркны. Иара иажәаәқа рыла ахарџьқәа зегьы абиуџьет иҭыгахоит.

38-ҩык хатәгәаԥхарала алаҵа ҟазҵаз ишьақәдырӷәӷәеит алаҵа ашәарҭадара. Алаҵаҟаҵара иахысыз зегьы аиммунитет роуит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0