Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 5 118-ҩык авирус рыдбалоуп

© Sputnik / Пресс-служба Минобороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНачалась финальная стадия испытаний вакцины от коронавируса
Началась финальная стадия испытаний вакцины от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭа инақәыршәаны, Урыстәылатәи арегионқәа 85 рҿы зынӡа 892 654-ҩык акоронавирустә инфекциа рыдырбалахьеит.

АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 5 118-ҩык авирус рыдбалоуп арегионқәа 83 рҿы ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперштаб.

Авирус зыдбалаз рҟынтәи 26,5% аклиникатә ҟазшьақәа рныԥшуамызт.

Уахыки-ҽнаки рыла рыԥсҭазаара иалҵит 70-ҩык, ргәы бзиахеит 3 259 -ҩык.

Зынӡа атәылаҿы COVID-19 иахҟьаны 15 001 ԥсыҭбара азгәаҭоуп, 696 681 -ҩык ргәы бзиахахьеит.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аштаб адыррала, ареспубликаҿ авирус рыдырбалахьеит 134-ҩык, ргәы бзиахеит 38-ҩык, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Нанҳәа 8 рзы аоперштаб адырра ҟанаҵеит авирус зыдбалоу раԥхьатәи атурист Урыстәыла аҵакырахь ихәышәтәразы дшиагоу.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>

Ажәабжьқәа зегьы
0