Ажурналист Семион Пегов Минск дааныркылеит

© Фото : Sem PegovСемен Пегов
Семен Пегов  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Белоруссиа алхрақәа мҩаԥысит нанҳәа 9 рзы. Алхырҭатә ҭыԥқәа шадыркызҵәҟьа, Минск зиншьаҭада аҿагыларатә акциақәа ирылагеит Белоруссиа ақалақьқәак рҿы. Минск агәҭа абаррикадақәа ргылан. Амилициа рхы иадырхәеит аӡыршәгақәа, агаз. Иҟоуп ааха зауны ахәышәтәырҭахь инанагаз.

АҞӘА, нанҳәа 10- Sputnik. Ажурналист Семион Пегов Минск дааныркылеит нанҳәа 9 ауха. Абри атәы Telegram-канал аҿы иҩит "Комсомольская правда" арратә корреспондент Александр Коц.

Иара иӡыригеит Пегов иаанкылара авидеокадырқәа.

RT, МИА "Россия сегодня" адиректор хада Маргарита Симониан Белоруссиа анапхгара, ареспублика ахада Александр Лукашенко рахь ааԥхьара ҟалҵеит иаанкыло ажурналистцәа аурышьҭырц. Ҷыдала адҵа ҟалҵеит Семион Пегов доушьҭызарц.

"Сара Белоруссиа азинхьчаратә усбарҭақәеи хаҭала ахада Лукашенкои шәахь ааԥхьара ҟасҵоит. Шәтәылаҿы шәара азин шәымоуп ишышәҭаху аиԥш азинеиҿкаара мҩаԥыжәгарц. Ирацәаҩуп сҩызцәеи сдырцәеи рыбжьара шәара шәзы зыбжьы зҭиуаз. Аха! Знапынҵақәа назыгӡо ажурналистцәа раанкылара азин шәымам. Абри амш аҽны адгылара шәызҭоз ауаа шәаӷахар шәҭахымзар Семион Пегов ихы дақәиҭышәтә", - лыҩуеит Симониан Telegram-канал аҿы.

Лара илҳәоит ажурналист дахьыҟои иҭагылазаашьеи рдыруазар шакәу.

"Семион Пегов, астрингерцәа Раптли, егьырҭ ажурналистцәа– ламысцқьала алхрақәа ирылацәажәоз, рхы иақәиҭтәуп", -лыҩуеит Симониан.

Семион Пегов – апоет, урыстәылатәи афедералтә телеканалқәа рырратә корреспондент, апроект WarGonzo аиҿкааҩ. Диит 1985 шықәса рзы. Иҩымҭақәа кьыԥхьын альманахқәа "Под часами", "Персона", "Современники". Пушкин ихьӡ зху афестиваль "С веком наравне-2008" алауреат, ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа р-Форум "Липки-2011"алахәыла. Семион Пегов 2008 - 2013 шықәсқәа рзы Аҟәа, ателекеилахәыра "Абаза-ТВ" аҟны аус иуан, "Нужная газета", "Чегемская правда", "Новый день" иҩымҭақәа ркьыԥхьуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0