Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра "Спутник V" алаҵа ԥызшәарц зҭаху еизнагоит

© РФПИ и Центр имени Гамалеи / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПервая в мире вакцина от коронавируса
Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ааглыхреи ахәаахәҭреи рминистр Денис Мантуров излаиԥхьаӡо ала, алаҵа аҳәаанырцәҟа аҭира ааԥынразы иалагар ауеит.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Иааиуа амчыбжь азы иалагоит акоронавирус аҟынтә алаҵа ашәҟәҭагалара ашьҭахь хатәгәаԥхарала иԥызшәарц зҭаху рыдкылара ҳәа аанацхауеит РИА Новости Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иҟаиҵаз аҳәамҭа шьаҭас иганы.

"Сгәы иаанагоит, иааиуа амчыбжь азы апациентцәа реизгара ҳалагоит ҳәа, уи инаваргыланы алаҵа аклиникатә практикаҿгьы ахархәара мҩаԥыслоит", - ҳәа ажурналистцәа иреиҳәеит Мурашко.

Мурашко иазгәеиҭеит алаҵа аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟынгьы аинтерес шрымоу, дара рҵакырадгьылқәа рҿы аҭыжьра иазҵаауеит ҳәа.

Иара адырра ҟаиҵеит убасгьы, Гамалеиа ицентр аҟны акоронавирус аҟынтә алаҵа ашәҟәҭагалара ашьҭахьтәи аԥышәарақәа рымҩаԥгаразы ашәҟәы шаларҵаз.

Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
"Спутник V": COVID-19 иаҿагылоу урыстәылатәи алаҵа ҿыц иазкны

"Уажәазы ааглыхратә сериақәа аус рыдулара цоит, урҭ рхаҭабзиара агәаҭарақәа ҳарҿуп", — иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра нанҳәа 11 рзы ашәҟәы иҭанагалеит акоронавирустә ҿкы чымазара ҿыц (COVID-19) апрофилактиказы адунеи аҿы ираԥхьаӡатәиу алаҵа "Спутник V". Алаҵа аԥырҵеит Гамалеиа ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рыҭҵаарадырратә центр аҟны. Ишиашоу иҟоу аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонди уи алахәцәеи ԥшь-миллиардк мааҭ аларҵеит Урыстәыла акоронавирус аҟынтә алаҵа аҭыжьразы.

Афонд аиҳабы Кирилл Дмитриев адырра ҟаиҵеит, афонд ахь 20 тәыла рҟынтә азыҳәақәа шроуз урыстәылатәи ахәшә адозақәа миллиард раиуразы. Убри аан иара иазгәеиҭеит Урыстәылеи азыҳәа ҟазҵаз рахьтә хә-тәылаки дара рҵакырадгьыл аҟны алаҵа аҭыжьразы ишеиқәшаҳаҭхаз. Дмитриев иажәақәа рыла, иахьазы ирымоу амчқәа алшара ҟарҵоит шықәсык ала 500 миллион доза аҭыжьра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0