Роспотребнадзор: Аԥснынтәи ихынҳәуа атуристцәа акарантин ахь имцар ҟалоит

© SputnikГраница на реке Псоу
Граница на реке Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа Роспотребнадзор ахь ашәҟәы нанашьҭит Аԥснынтәи аурыс туристцәа рыхынҳәра иадҳәалоу аҭагылазаашьа аилыркааразы.

АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ихынҳәуа атуристцәа ҩымчыбжьатәи акарнатин ахь имцар ҟалоит, абри атәы Урыстәыла Атуропрраторцәа рассоциациа иазеиҭарҳәеит Роспотребнадзор аҟны.

Аԥснынтәи ихынҳәуа Урыстәыла атәылауаа рсанитар-карантинтә гәаҭара мҩаԥысуеит, рымцашоура гәарҭоит атепловизорқәа. Убри аан аҳәаа иахысхьоу атуристцәа рыбжьара макьана зымцашоура ҳаракумакьана аӡәгьы дрымбацт.

Иара убас Аԥснынтәи ихынҳәуа атуристцәа COVID-19 рылоу ирыламу агәаҭаразы атестқәа ирхысны Аҳәынҭмаҵзурақәа рсаит аҟны иҭаргалар ауп ҳәа информациа ыҟам.

2020 шықәса ԥхынгәы 7 рызтәи Роспотребнадзор ақәҵара инақәыршәаны, аҳәаанырцәынтәи ҳаирла ихынҳәуа роуп ианнеилак хымш рыҩнуҵҟа ПЦР_тест иахысны ироуз алҵшәақәа Аҳәынҭмаҵзурақша рсаит ахь иҭаргалар ауп.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа аадыртит нанҳәа 1 азы. Уи ԥшьымз инарзынаԥшуа иаркны иҟан акоронавирустә инфекциа алаҵәоит ҳәа иҟаз ашәарҭара иахҟьаны. Нанҳәа 7 рзы аҩтәылак рыбжьара аихамҩатә еимадарагьы аатит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0