Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла 4 993-ҩык акоронавирус рыдбалоуп

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на антитела к коронавирусу
Тестирование на антитела к коронавирусу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла иахьаҵанакуа 995 319-ҩык акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит арегионқәа 85 рҟны.

АҞӘА, нанҳәа 31- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла 4 993-ҩык акоронавирус рыдбалоуп арегионқәа 83 рҟны, абри атәы аанац ахуеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы Москва аоперштаб.

Ҿыц иаарԥшыз рахьтә 27,2% рҟын ачымазара ахы аамырԥшыкәа имҩасуан.

Зыԥсҭазаара иалҵыз 83-ҩык азгәаҭоуп, згәабзиара шьақәгылаз - 2 405-ҩык. Ачымазара ҿкы рылалеижьҭеи зынӡа рыԥсҭазаара иалҵит 17 176-ҩык, ргәы бзиахеит 809 387-ҩык.

Нанҳәа 29 рызтәи аҭагылазаашьала Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 315-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 120-ҩык ргәы бзиахеит, ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0