Хҩык адуцәеи ааҩык ахәыҷқәеи Шәача ашьхараҿы иӡит

© Sputnik / Игорь Онучин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФестиваль воздушных шаров в Сочи
Фестиваль воздушных шаров в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиқәырхаратә операциа иалахәуп 60-ҩык инареиҳаны ауаа, шьыжьнаҵы аԥшаарақәа ирылагеит авертолиот Ми-8 алагьы. Уи адагьы иадԥхьалоуп аҽтәы-кинологтә гәыԥ хә-ҽык ирықәтәаны.

АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Аиқәырхаҩцәа Шәача ашьхақәа рҿы иӡыз хҩык адуцәеи ааҩык ахәыҷқәеи ирышьҭоуп, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла АҶА аинформациа ҵаҵӷәыс иааганы.

11-ҩык злоу агәыԥ Шәача ашьхараҿы иҟоуп, урҭ рыуацәа рыҽрызрымадаӡом ҳәа АҶА ахь адырра ҟалеит цәыббра 6 асааҭ 23:25 рзы.

Зхыԥхьаӡараҿы ааҩык ахәыҷқәа (қәрала жәба инаркны 16 рҟынӡа зхыҵуа) ыҟоу 11-ҩык злоу зыҽҭазымҩыз агәыԥ ашьыжь, цәыббра 6 рзы Шәача ақалақь Адлертәи араион аҳабла Есто-Садок аҟынтәи идәықәлеит Роза Пик араион аҿы ашьхара иаԥну аӡиахь (аҳаракыра 2320 метра) Роза Хутор аладатәи анаараҿы. Уи нахыс агәыԥ аимадарахь ицәырмҵӡацт, дара ахьыҟоу аҭыԥ макьана еилкаам.

Аԥшаара-аиқәырхаратә усурақәа рымҩаԥгара иаҿуп.

"Аиқәырхаҩцәа имҩаԥырго ашьхара-шәҩатә курорт Роза Хутор аҟны адыргақәа змоу амаршрутқәеи аӡиақәа рыԥшаҳәақәеи, аквадроциклқәа рыла Роза Пик аҿы агәаҭарақәа макьана лҵшәа рымам", - ҳәа азгәарҭеит АҶА аҿы.

Аԥшаара-еиқәырхаратә усура амҩаԥгаразы Шәача иаадыртит аоперативтә штаб Краснодартә атәылаҿацә аҿы АҶА аиҳабы ихаҭыԥуаҩ ихантәаҩрала.

Ажәабжьқәа зегьы
0