Урыстәыла Аԥсни егьырҭ атәылақәеи акоронавирус аҿагылараҿы ирыцхраауеит

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на антитела к коронавирусу
Тестирование на антитела к коронавирусу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла акоронавирус аҿагылара мҩаԥнагоит иара аҵакыраҿы адагьы егьырҭ атәылақәа рҿгьы цхыраарак аҳасаб ала. Цәыббра 4 рзы урҭ атәылақәа рхыԥхьаӡара 39 рҟынӡа инаӡеит.

АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik, Алексеи Стефанов. Урыстәыла миллионк рҟынӡа акоронавирус тестқәа 39 ҳәынҭқарра ирзынанашьҭхьеит. Урҭ рахьтә 66% ИАР атәылақәеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи роуп.

Sputnik Роспотребнадзор аҿы ишазеиҭарҳәаз ала, адунеи еиуеиԥшым атәылақәа ироухьеит рмедицинатә усҳәарҭақәа рзы 10 662 тест 1 066 200 ҭҵаара рзи ареагентқәа 1 054 700 ҭҵаара рзи.

Аиҳарак ацхыраара рзынашьҭуп ИАР атәылақәа, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла - 6 997 тест 699 700 ҭҵаара рзы, ареагентқәа 737 200 ҭҵаара рзы.

Аҳәаанырцә ааигәа атәылақәа рыбжьара зегь раасҭа атестқәеи ареагентқәеи акоронавирус COVID-19 агәаҭараз инашьҭуп Киргизиаҟа - 1 570 тест 157 000 ҭҵаара рзы, ареагентқәа 157 000 ҭҵаара рзы, иара убасгьы ныррадатәи ашоурашәагақәа 10.

Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит Узбекистан - 1 385 тест 138 500 ҭҵаара рзы, ареагентқәа 138 500 ҭҵаара рзы. Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылоит Ермантәыла – 1000 тест 100 000 ҭҵаарак рзы, ареагентқәа 128 500 ҭҵаара рзы, ныррадатәи ашоурашәагақәа 7.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0