Урыстәылатәи атуристцәа еиҳа иалыркаауа Аԥснытәи акурортқәа рыхьӡ ҳәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукОтдых туристов на пляже Черного моря в Абхазии
Отдых туристов на пляже Черного моря в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асиа шьақәыргылоуп 2020 шықәса рашәара 1 инаркны нанҳәа 31 рҟынӡа атуристцәа зыхәԥса ршәахьоу аҭыԥқәа рҵаҵӷәала.

АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Аԥснытәи акурортқәа, урыстәылатәи атуристцәа еиҳа иалыркааз рзы адырра ҟанаҵеит атуристцәа заанаҵтәи аҿаҵарақәа ахьыҟарҵо амаҵзура Tvil.ru.

Аԥхынтәи асезон аихшьаалақәа рыла иреиӷьу раԥхьатәи аԥшьбахь иаҵанакит Аҟәа, Афон ҿыц, Алаҳаӡы, Гәдоуҭа.

Tvil.ru адыррақәа рыла аԥсшьаҩцәа рыԥсшьара заанаҵы иазыԥхьагәарҭон 9,1 - 11,3 уахи-ҽни ҳәа, уахыки-ҽнаки рзы анхарҭаҭыԥ азы инырхуан 2,2 -5,8 нызқьмааҭ.

Убри аан зегь раасҭа аԥсшьара ахәԥса мариан Афон ҿыц, иҳаракын – Гәдоуҭа.

Амаҵзура ареитинг аҿы аҭыԥқәа абасала еихшоуп:

  • Гәдоуҭа - 5848,4 мааҭ/10,7 уахы
  • Алаҳаӡы - 2485,7 мааҭ/9,3 уахы
  • Аҟәа - 2265,5 мааҭ/11,3 уахы
  • Афон ҿыц - 2176,4 мааҭ/9,1 уахы

Tvil.ru иаанагоит абжьаратә хәқәа уахыки-ҽнаки рзы.

2020 шықәсазы аԥхынтәи асезон иалагеит нанҳәа 1 инаркны, ԥшьымз инаӡоз аԥкрақәа рышьҭахь иаартын аурыс-аԥсуа ҳәаа.

Цәыббра 3 рызтәи адыррақәа рыла абри аамҭазы Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иахысит миллионҩык рҟынӡа.

Ииасыз ашықәс азы усҟантәи акурортқәеи атуризми реилак ахантәаҩы Авҭандил Гарцкьиа идыррала атәылаҿ рыԥсы ршьеит миллионки 50 нызқьҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0