Урыстәылатәи атуроператорцәа Аԥсны цәыббрамзазы аԥсшьара ахәԥсақәа рҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОтдых в Абхазии
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 12-18 рзы Москвантәи Аԥсныҟаи Урыстәыла аладатәи ахәҭеи рахь иҭиу атурпакетқәа ииасыз ашықәс иадкыланы акыр илаҟәуп.

АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik. Цәыббрамза аҩбатәи ахәҭазы иҭиу атурқәа рыхәԥсақәа акыр икаҳаит – 27-30% артәоит. Абри аҩыза арбагақәа аанагоит Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа (АТОР) цәыббра 12-18 рзы иҭиу атурпакетқәа ранализ ҟаҵаны.

Зегь раасҭа рыхәԥса маҷуп Урыстәыла аладатәи ахәҭа акурортқәа рахь ирҭиуа атурқәа. Ҭырқәтәылатәи ахәԥсақәа шыҟац иаанханы иҟоуп, Калининградтә арегион ахәԥсақәа маҷ-маҷ илаҟәуеит.

"Аԥснгьы атурпакетқәа рыхәԥсақәа лаҟәит, аха Алада Урыстәылеиԥш аҟынӡа акәымкәа. Цәыббра 12-18 рзы зегь иреиҵоу ахәԥса ишьақәнартәеит ҩыџьа рыԥсшьаразы 22,3 нызқьмааҭ, аҳаирплан ахәԥсагьы налаҵаны", - ҳәа азгәарҭоит АТОР аҿы.

Абри аҩыза аҭагылазаашьа ыҟоуп Ҟрымтәи ахырхарҭаҿгьы. Убри аан иазгәаҭатәуп Амшынеиқәатә хырхарҭақәа зегьы рҿы ахәԥсақәа шлеиз ҳәа рҳәоит Ассоциациаҿы.

Уаанӡа Аԥсны атуризм аминистр  ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц радио Sputnik иазеиҭеиҳәахьан цәыббрамзазы аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рҿаҵара 100 процентк инаӡоит ҳәа.

2020 шықәсазы Аԥсны аԥхынтә сезон иалагеит нанҳәа 1 инаркны, аурыс-аԥсуа ҳәаа анаадырт ашьҭахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0