Урыстәыла иахьаҵанакуа 5509 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на антитела к коронавирусу
Тестирование на антитела к коронавирусу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зынӡа Урыстәыла иахьаҵанакуа 85 регион рҿы 1 068 320 -ҩык авирус рыдырбалахьеит.

АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла иахьаҵанакуа 5509 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп 83 регион рҿы ҳәа аанацҳауеит Москва ауааԥсыра авирус COVID-19 рацәыхьчаразы аоперштаб.

Авирус змаз 25,2% ачымазара аҟазшьа рыдбаламызт.

Урыстәыла иахьаҵанакуа 5504 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп ииасыз уахыки-ҽнаки рыла, рыԥсҭазаара иалҵит 57-ҩык, ахәышәтәырҭа иҭырҩааит — 2 475-ҩык ҳәа аанацҳауеит аоперативтә штаб.

Аԥсны иахьаҵанакуа цәыббра 13 азтәи адыррақәа рыла акоронавирус роухьеит 656-ҩык, 186 пациент ргәы бзиахеит, фҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0