Ҟәбан 94 акоронавирус хҭыс азгәаҭоуп

© Sputnik / Николай Хижняк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота сотрудников "Кубань-СПАС"
Работа сотрудников Кубань-СПАС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла иахьаҵанакуа 1 073 849 акоронавирус хҭыс шьақәырӷәӷәоуп 85 регион рҿы. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 5509-ҩык ирыдбалан акоронавирус.

АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik. Ҟәбан иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла 94-ҩык коронавирус рыдырбалеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә ахадара.

Уахыки-ҽнаки рыла аинфекциа аарԥшын 22 муниципалтә еиҿкаара рҿы.

"Атәылаҿацәтә центр аҿы 39-ҩык COVID-19 рыдбалан, Выселковское – 7,  Шәача –6,  Белореченск–6, Абинск –4,  Темриукск –4, Новороссиск –4, Кушьчевтәи араиони Гориачи Клиучи рҿы – хҩык-хҩык чмазцәахеит.  Апшеронск, Новопокровск, Крымск, Северск, Тҟәаԥстәи араионқәа рҿы ҩба-ҩба хҭыс аҭыԥ рымоуп.  Шьчербиновск, Динск, Славианск, Калининск, Староминск, Красноармеиск, Еиск араионқәеи Геленџьики –хҭыск-хҭыск",  - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Апандемиа иалагазар Ҟәбан акоронавирус рыхьхьеит 12563-ҩык, урҭ рҟынтәи  845-ҩык хәыҷқәоуп. Рыԥсҭазаара иалҵит  228 пациент.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0