Америкатәи аесминец Амшын еиқәа аҵакыра иҭалеит

Анапаҵаҩра
Америкатәи аесминец аныҟәара ашьҭазаара анаҭоит урыстәылатәи афрегат "Адмирал Эссен".

АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik. ЕАА Арра-мшынтә мчрақәа ресминец "Франклин Рузвельт", аракетатә бџьар "Арли Берк" ала еиқәыршәоу, Амшын еиқәа аҵакырахь иҭалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла атәылахьчара анапхгараҭара Амилаҭтә центр адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

ЕАА Арра-мшынтә мчрақәа афбатәи афлот адыррақәа рыла, аесминец "НАТО адгылаҩцәеи арегион аҿы апартниорцәеи амшын аҟны ашәарҭадара ашьақәыргыларазы еицымҩаԥырго аоперациа иалахәхоит".

Америкатәи аесминец "Рузвельт"  аныҟәара ашьҭазаара анаҭоит урыстәылатәи афрегат "Адмирал Эссен" ҳәа азгәарҭеит Урыстәыла атәылахьчара анапхгараҭара Амилаҭтә центр аҿы.

2020 шықәса раахыс "Рузвельт" фынтәуп Амшын еиқәа акваториахь иҭалоижьҭеи.

Уаанӡа Украина алархәны Амшын еиқәа аҿы еицымҩаԥыргоз аҽазыҟаҵарақәа Sea Breeze раан арахь иааины иҟан аесминец "Портер".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0