Урыстәыла иуниверсалтәу аԥсабаратә антибиотик аадырԥшит

CC0 / / Урыстәыла иуниверсалтәу аԥсабаратә антибиотик аадырԥшит
Урыстәыла иуниверсалтәу аԥсабаратә антибиотик аадырԥшит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тиументәи аҳәынҭқарратә университет аҵарауаа ргәаанагарала Аемерициллипсин А ԥеиԥш змоу акәны иҟоуп зхала иҟоу хәшәык аҳасабалагьы, апрепаратқәа реилазааралагьы. Атерапиа амҩаԥгара алшоит агәырлаҵаралаеиԥш хьшьралагьы.

АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik. Урыстәыла аҵарауаа иуниверсалтәу аԥсабаратә антибиотик аадырԥшит. Иара ахәшәқәа рахь ачымазара арҵысра аҽацәнахьчоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аҭҵаарадырратә журнал Applied Biochemistry and Microbiology адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аарԥшымҭа авторцәа, Тиументәи аҳәынҭқарратә университет аҵарауаа, ргәаанагарала – иаарԥшу амаҭәашьар ауаҩытәыҩсеи аԥстәқәеи акәыкәбаақәеи абактериақәеи ирхырҟьаны ирыхьуа аҿкчымазарақәа рҿагылара алшоит.

Тиументәи аҳәынҭқарратә университет аҵарауаа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны акәыкәбаа Emericellopsis alkalina иалҵуа емерициллипсина А апептид аадырԥшит.

Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
COVID-19 аҟынтәи алаҵа ацәгьареи абзиареи ирылацәажәеит

Аҵарауаа ишырҳәаз ала, емерициллипсин А рҿагылара алшоит — ачырақәа, абактериатәии акәыкәбаатәии ҿкырақәа.

Аҭҵаарақәа мҩаԥысуан Тиументәи аҳәынҭқарратә университети Гаузе ихьӡ зху антибиотикқәа ҭызҵаауа Аҭҵаарадырратә институти, Роспотребнадзор аепидемиологиатә институти, Шемиакинаи Овчинникови рыхьӡ зху абиоорганикатә химиа Аинститути рҵарауаа русеицурала.

Аҵарауаа ирыгәҭакуп апрепарат алаборатортә ԥышәарақәа рылагара.

Ажәабжьқәа зегьы
0