Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 11 493 коронавирус хҭыс аарԥшуп

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на COVID-19 в лаборатории НИИ Склифосовского
Тестирование на COVID-19 в лаборатории НИИ Склифосовского - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зынӡа иахьазы Урыстәыла 85 регион рҿы ачымазара ҿкы рыдбалоуп 1 260 112-ҩык.

АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Урыстәыла аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 11 493 коронавирус хҭыс ҿыц аарԥшуп арегионқәа  85 рҿы ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҽацәыхьчаразы Москва ақалақь аоперштаб.

Урҭ рҟынтәи 25,7% ачымазара аклиникатә ҟазшьақәа рыдбаламызт.

191-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, 7 054-ҩык ргәы бзиахеит. Зынӡа иԥсхьоу рхыԥхьаӡара 22 056-ҩык рҟынӡа инаӡоит, згәы бзиахахьоу – 1 002 329 -ҩык.

Иахьазы Аԥсны авирус рыдбалоуп 1976-ҩык. Ргәабзиара шьақәгылахьеит 668-ҩык, 16 ԥсыҭбара ыҟоуп.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит>>

Ажәабжьқәа зегьы
0