Минск амилициа аҿагыларатә акциа реилцаразы аӡыршәгақәа рхы иадырхәеит

© AP PhotoБелорусская полиция блокирует улицу во время митинга оппозиции в знак протеста против официальных результатов президентских выборов
Белорусская полиция блокирует улицу во время митинга оппозиции в знак протеста против официальных результатов президентских выборов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 11 рзы Минск имҩаԥысуан атәыла аиҳабыра зықәшаҳаҭмыз аоппозициаа рмарш "агәадура амарш".

АҞӘА, жьҭаара 12 – Sputnik. Минск ақалақь азинхьчаҩцәа ззин ҟаҵамыз аҿагыларатә акциа алахәылацәа рганахьала аӡыршәгақәа рхы иадырхәеит ҳәа аанацҳауиет РИА Новости, Минск ГУВД адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Амҽыша, жьҭаара 11 рзы Минск имҩаԥысуан атәыла аиҳабыра зықәшаҳаҭмыз аоппозициаа рмарш "агәадура амарш".

"Минск агәҭа ауаа рацәа еизеит, акциа азин ҟаҵамызт. Еизаз рганахьала ахархәара рыҭан аӡыршәгақәа алашарабжьыӷәӷәа гранатақәа", - ҳәа лҳәеит Мингорисполком ГУВД аофициалтә хаҭарнак Наталиа Ганусевич.

Лара иазгәалҭеит амилициа ауаа рахь ааԥхьара шыҟарҵоз ззин ыҟам амитинг рҽаладмырхәырц азы. Иара убасгьы илҳәеит ишаанкылоу 20-ҩык рҟынӡа амитинг алахәылацәа.

Вступление А. Лукашенко в должность президента Белоруссии - Sputnik Аҧсны
Лукашенко Белоруссиа ахада инапынҵақәа рынагӡара далагеит

Ахада иалхрақәа мҩаԥысуан нанҳәа 9 рзы. Аофициалтә дыррақәа рыла, Лукашенко изы рыбжьы арҭеит 80,1% алхыҩцәа. Азеиԥш бжьыҭара 84,28% артәеит, заанаҵы рыбжьы рҭиит 40% абжьыҭара азин змаз ауааԥсыра.

Алхрақәа рылкаақәа анрыларҳәа ашьҭахь Белоруссиа урҭ ирықәшаҳаҭмыз ақәгыларатә акциақәа рымҩаԥгара иалагеит. Ари агәынамӡара аанарԥшит. Ақәгыларақәа раан амчратә усзуҩцәа алаӷырӡаагага агаз, аӡыршәгақәа, арезина иалху апатронақәа уҳәа рхы иадырхәеит. Аԥхьатәи амшқәа рзыҵәҟьа 6,7 нызқьҩык рҟынӡа ауаа аанкылан.

Амчрақәа официалла ирҳәеит хҩык акциақәа рлахәылацәа ҭахеит ҳәа.

Аҿагыларатә акциақәа уажәгьы имҩаԥысуеит, аиҳарак аԥсшьарамшқәа раан. Урҭ рыдагьы Лукашенко, зҭоубашьҭаҵара цәыббра 23 рзы имҩаԥгаз, идгылаҩцәагьы еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0