АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Урыстәыла иатәылауаау аурысқәеи ақырҭқәеи рхатә мазара Урыстәыла еснагь хшыҩзцара знаҭо зҵаароуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
"Аԥсны аиҭакрақәа ҭышәынтәалазшәа збоит, ари азҵаара хымԥада ҳазыхынҳәуеит. Амала оумашәа иубартә иҟоуп апроблема макьанагьы иахьыӡбам", - ҳәа иҳәеит Лавров.
Лавров иазгәеиҭеит Аԥсни, Ҭаџьикисҭани, Белоруссиеи рҟны Урыстәыла аҟазаара абизнес аганахьала еиҳа аԥыжәара шамоу, арҭ атәылақәа рҟны аурыс бызшәа арҵара аҩаӡара ҳаракаҿы ишыҟоу.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аинтервиу риҭеит ажурналистцәа Маргарита Симониан, Владимир Сунгоркин, Роман Бабаиан ахаша, жьҭаара 14 рзы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Урыс бызшәала иҩуа латвиатәи ажурналистцәа иҳашьҭоуп Латвиа, абри атәы лҳәеит RT аинтервиу азҭаз латвиатәи ажурналист Алла Березовскаиа.
Березовскаиа лыҩны аԥшаарақәа мҩаԥыргеит, иара убас ауаажәларратә усзуҩ, апублицист Владимир Линдермани, Baltnews.lv уаанӡатәи аредактор Андреи Иаковлеви рыҩнқәа рҟынгьы иҩналаны еимдеит.
"Евроеидгылеи егьырҭ жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи иаларгалаз асанкциақәеи Латвиа иаланагалаз амилаҭтә санкциақәеи еилаҳгеит ҳәа ахара ҳадырҵоит. Уи зынӡагьы ҳақәшаҳаҭӡам", - лҳәеит аинтервиу аҟны.
Латвиа, МИА "Россия сегодня" азы аус ахьыруаз иахырҟьаны быжьҩык ажурналистцәа рганахьала ашьаусҭҵаара хацыркуп. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҿы иазгәарҭеит ажурналистцәа ишеиларгаз Латвиа иаланагалаз амилаҭтә санкциақәа (Латвиа АЗ ахәҭаҷ 84).
Уи аԥхьа, Латвиа Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ԥхынҷкәын 3 рзы аԥшаарақәеи аҿахәҿыхрақәеи мҩаԥыргеит. Астатиа зкьыԥхьыз авторцәеи урыстәылатәи апорталқәа Baltnewsи Sputnik Латвиеи ртехника рымырхит. Амаҵзура аусзуҩцәа ааныркылеит, рҿахәы рҿыхны иоурышьҭит фҩык латвиатәи авторцәа - Baltnews.lv уаанӡатәи аредактор Андреи Иаковлев, апублицист Владимир Линдерман, ажурналистцәа Андреи Солопенкои Алла Березовскаиеи. Арҭ АИХқәа рзы иҩуа латвиатәи ажурналистцәа аштатнҭыҵтә авторцәоуп.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿгьы иақәыӡбеит урыс бызшәала иҩуа ажурналистцәа рганахьала латвиатәи амчрақәа иаадырԥшуа ахымҩаԥгашьа. Иҟалаз "АИХқәа рхақәиҭреи ахатә гәаанагара аҳәареи ирҿагылоу ҿырԥшуп" ҳәа азгәарҭеит дара. МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов ахҭыс ахҳәаа аҭо, иазгәеиҭеит, хаз аӡәы изырхоу асанкциақәеи урыстәылатәи аиҿкаарақәеи аилахәырақәеи рганахьала иалагалоу аԥкрақәеи ак шракәым. МИА "Россия сегодня" RT аредактор хада Маргарита Симониан дгәыӷуеит Урыстәыла иахәҭоу аҭак ҟанаҵап ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәыла ААР иақәыӡбеит Прибалтика ажурналистцәа рганахь ала иҟоу ақәымчра
АҞӘА, ажьырныҳәа 15- Sputnik. COVID-19 аҟынтәи Урыстәылатәи алаҵа "Cпутник V" аккаунт аусура иаланаргеит Twitter, иаанацҳауеит РИА Новости.
Twitter ишазгәанаҭаз ала, акааунт ахь анеира аамҭала иԥкын ЕАА рҟынтә аҭалара азгәаҭан ҳәа.
COVID-19 аҟынтәи Урыстәылатәи алаҵа "Cпутник V" аккаунт аусура ааннакылеит асоциалтә ҳа Twitter, изыхҟьаз амзызқәа ҭырҵаауеит ҳәа аинформациа рыладырҵәеит аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд.
"Twitter, идуӡӡаны иҭабуп! Ҳшәыҳәоит, ҳаккаунт шәнапы анышәҵа, алаҵа "Cпутник V" иазку ажәабжьқәа зегьы шәрызҿлымҳаз, иара убас алаҵа акоронавирус ишаҿагыло, аԥсҭазаарақәеи аекономикеи шеиқәнырхо аинформациа шәыдаагалалоит", - рҳәеит дара.
"Спутник V" - COVID-19 аҟынтәи адунеи аҟны раԥхьатәи ашәҟәы иҭагалоу алаҵа ауп, иара аус адулан Гамалеиа ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы.
"Аҿкычымазара иадҳәалаз аинформациатә усура, уи аҽазыҟаҵара, уи агәҽанызаара, аҳәынҭқарратә усбраҭақәа еиҿыркаауаз аусура зегьы аинформациала еиқәыршәатәын. Ачымазара ыҟоуп ҳәа ажурналистцәа аусурахь имнеиуа, рхы хьчара мацара иашьҭамызт. Дара рнапынҵақәа зегьы нарыгӡар акәын, уи иахылҿиаауаз ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны. Ашықәс еихшьаало иазгәасҭарц сҭахуп, Аԥсны ажурналистцәа аус ахьыруазаалакгьы, аибашьра ашықәсқәа рзы ишыҟаз еиԥш, аидгылара ҟаҵаны, аицхыраара ҟаҵаны, ихадароу ахықәкы- ажәлар ирдырыц ирықәнагоу, аинформациа рызнагараҿы даара аџьабаа рбеит. Акырӡа аусбараҭақәа русура аанкылан, аха зда ԥсыхәа амам ҳәа еиқәырԥхьаӡо, урҭ рхыԥхьаӡараҿы аԥхьа игыламзар, рыгәҭаны игылан Аԥсны амассатә информациатә хархәагақәа", - еиҭеиҳәеит Ҳашыг.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.