Аплазма ахархәарала: Урыстәылатәи аҳақьымцәа COVID-19 ахәышәтәра астандарт аус адырулеит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСдача донорами плазмы с антителами на COVID-19
Сдача донорами плазмы с антителами на COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиммуннтә плазма ала коронавирустә инфекциа ахәышәәтра ахәшьара ҳаракқәа шаанарԥшыз атәы иҳәеит Киров ихьӡ зху Урыстәылатәи Арра-медицинатә академиа аиҳабы и.н. Сергеи Бунин.

АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳақьымцәа акоронавирустә инфекциа COVID-19  аплазма ахархәарала адиагностикеи ахәышәтәреи рыстандарт аус адыруылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арра-медицинатә напхгараҭара Хада аиҳабы Дмитри Тришкин иажәақәа  шьаҭас иганы.

Тришкин абри азы адырра ииҭеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.

Московское метро во время ограничений в связи с коронавирусом - Sputnik Аҧсны
Авирусолог COVID-19 аҟынтә алаҵа змыхәо шыҟоу иҳәеит

"COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәра еиҳа аиӷьтәра хықәкны иҟаҵаны, Урыстәыла Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Тимур Иванов идгыларала, жьҭаара 14 рзы ишьақәырӷәӷәан акоронавирустә инфекциа COVID-19  аплазма ахархәарала адиагностикеи ахәышәтәреи рыстандарт, адунеитә ԥышәа ахархәара аҭаны,  COVID-19 зхызгахьоу реиԥш иараҟынтә алаҵа ҟазҵахьоу рҟынтә антиковидтә плазма ахархәарала. Ари аҩыза макьаназы адунеи аҿы аиԥш зеиԥшу астандарт ыҟам". - иҳәеит Тришкин.

Уи адагьы иара иҳәеит иҟоу амедицинатә цхыраара аҭара алгоритм инақәыршәаны ишынагӡо COVID-19 змаз аруаа 50-ҩык рсанитар-авиациатә қәгара. Уи ианаамҭаз иахәҭаз ацхыраара ҷыда рнаҭеит.

Аиммуннтә плазма ала  коронавирустә инфекциа ахәышәәтра ахәшьара ҳаракқәа шаанарԥшыз атәы иҳәеит Киров ихьӡ зху Урыстәылатәи Арра-медицинатә академиа аиҳабы и.н. Сергеи Бунин.

Иара иҳәеит амедицинатә маҵзура аҟазауаа разыҟаҵараан аметодика ҿыцқәа шаларгало.

Ажәабжьқәа зегьы
0