Роспотребнадзор акоронавирус ашыкьымҭа анылаҟәуа атәы азгәанаҭеит

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосковское метро во время ограничений в связи с коронавирусом
Московское метро во время ограничений в связи с коронавирусом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус апандемиа адунеи атәылақәа зегьы амҽханакит. Ичмазаҩхахьеит 42,7 миллион-ҩык 1,1 миллион рыԥсҭазаара иалҵхьеит.

АҞӘА, жьҭаара 27 — Sputnik. Акоронавирус ианеиҵаха аҽа шықәсыки бжаки рҟынӡа ахы цәырнагалоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Роспотребнадзор аепидемиологиаз ЦНИИ аклиника-аналитикатә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Наталиа Пшеничнаиа лажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Еиуеиԥшым атәылақәа рҿы COVID-19 аамҭа-аамҭала ахы цәырнагалоит ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәыла  COVID-19 иахҟьаны аҭагылазаашьа аҽарцәгьар ҟалоит жәабран-хәажәкыра рзы. Ашыкьымҭа леир алшоит аԥхынразы ҳәа лҳәеит Пшеничнаиа уаанӡа амаҵзура аинтервиу аҭо.

Акоронавирус апандемиа адунеи атәылақәа зегьы амҽханакит. Ичмазаҩхахьеит 42,7 миллион-ҩык 1,1 миллион рыԥсҭазаара иалҵхьеит.

Урыстәыла миллионки бжаки  ачымазара рыхьхьеит,  1,15 миллион-ҩык ргәы бзиахеит, рыԥсҭазаара иалҵит 17,3 нызқьҩык.

Аԥсны авирус рыдбалоуп  3839-ҩык, ргәабзиара шьақәгылеит 1464-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 36-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0