COVID-19 иахҟьаны амчыбжьтәи аԥсыҭбарақәа рыла Чехиа зегьы ираԥнагеит

© Foto / Тимур Батыршин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГородская клиническая инфекционная больница в Казахстане
Городская клиническая инфекционная больница в Казахстане - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Чехиа аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 11 428 коронавирус хҭыс азгәаҭан. Иааидкыланы уа иахьазы COVID рыдбалоуп 188 492-ҩык, 7 673-ҩык ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп.

АҞӘА, абҵара 2- Sputnik. Ачымазарақәа разыԥхьагәаҭареи рхылаԥшреи рзы Европатәи ацентр (ECDC) адыррақәа рыла Чехиа мчыбжьык аҩныҵҟала еиҳа COVID-19 ахьазгәаҭо тәылоуп, ауааԥсыра 100 000-ҩык рҿырԥшрала ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

День города. Праздничные гулянья на площади Революции - Sputnik Аҧсны
Адунеиаҿ COVID-19 здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 46 миллион инархыҳәҳәеит

"Аҵыхәтәантәи амчыбжь аихшьаалақәа рыла Чехиа COVID-19 иахҟьаны еиҳа аԥсыҭбарақәа ахьыҟоу тәылоуп, уа инхо ауааԥсыра 100 000-ҩык ирҿырԥшны. Уаанӡа аԥыжәара аман Андорра. Абри азы адырра ҟанаҵеит ачымазарақәа разыԥхьагәаҭареи рхылаԥшреи рзы Европатәи ацентр (ECDC). Чехиа арбага ишьақәнаргылоит  11,02,  Андорра - 7,88, Бельгиа - 6,81, Ермантәыла - 6,19, Черногориа - 6,11. Аҵыхәтәантәи абжьымш рыла Чехиа рыԥсҭазаара иалҵит 1174-ҩык", - аҳәоит Чехиа агәабзиарахьчара аминистрра.

Чехиа аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 11 428 акоронавирус хҭыс азгәаҭан. Иааидкыланы уа иахьазы COVID рыдбалоуп 188 492-ҩык, 7 673-ҩык ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп.

Апандемиа аамҭаз ареспубликаҿ авирус рцәа иалалеит 335 102-ҩык, ргәы бзиахеит 143 359-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит  3 251-ҩык. Имҩаԥгоуп 2,28 миллион тест.

Адунеи аҟны авирус рыдырбалахьеит 46 миллионҩык ауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0