Минкавказ аԥыхраан ауал х-миллиардк иреиҳахеит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыплата пенсии
Выплата пенсии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аԥхьаӡаратә палата Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистрра аусура гәанаҭеит.

АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Урыстәыла Аԥхьаӡаратә палата аудитор Светлана Орлова аҳәамҭа ҟалҵеит аминистрра аԥыхраан иақәыз ауал 80% Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руал ауп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит амаҵзура Праим.

Аминистрра аԥыхраан адебитортә уал иартәеит х-миллиард мааҭ, аԥыхра апроцедура Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә округ аҿиаразы аҳәынҭпрограмма анагӡара иҵоурам анырра анаҭеит.

Орлова лажәақәа рыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руал рықәырхуеит ареспубликақәа афинанстә цхыраара рыҭаразы ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа иазыԥхьагәарҭоз аусурақәа шынагӡо ала аҳасабырбақәа аназырхиалак ашьҭахь.

Агәаҭаратә усурақәа иара убасгьы иаадырԥшит аминистрра акрызхыҵуаз ауал - 590 миллион мааҭ. Уи  ауал аминистрра иатәу "Апрограммақәеи апроектқәеи рынагӡараз Аладатәи адирекциа" иатәуп. Аилахәыра, ианаамҭаз аусурақәа рнагаҩцәеи рынагӡаҩцәеи аџьа ахәԥса зрымҭаз, уажәы абанкротра апроцедура иахысуеит.

"Анхамҩатә субиект-банкротқәа ихрам рфинанстә ҭагылазаашьеи иара убасгьы абанкротра апроцедура акраамҭа амҩаԥгареи иаԥырҵоит ашәара – иҟоу ауал инхарҭәааны идмырхынҳәыр ҟалоит ҳәа. Ари аҭагылазаашьа зныруа Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистрра  анапынҵақәеи азинмчқәеи захь ииасыз Аекономикатә ҿиараз аминистрра акәхар ауеит", - лҳәоит Орлова.

Аусбарҭа агәаҭара иаанарԥшит аԥыхратә биуџьеттә смета аиҿкаараан аилагарақәа шыҟаз. Ҷыдала иҟамызт 167,6 миллион мааҭ итәо аплантә сметатә рбагақәа ршәара. Асметаҿы ҵаҵӷәыркрада иазыԥхьагәаҭан аахәарақәа рзы аԥарақәа.

Иара убасгьы агәаҭарақәа иаадырԥшит амазарақәа ашәҟәраныхраангьы аилагарақәа шыҟаз. Амазара хадақәа ашәҟәы ианыхын урҭ шьақәзырӷәӷәо адокументқәа рыда. Абарҭ зегьы иҟарҵеит алшара х-миллион мааҭ итәо 487 еиҭаҵуа амазара аӡраз.

Ажәабжьқәа зегьы
0