COVID -19 зыхьхьоугьы рхы гәарҭаларц ааԥхьара рырҭоит

© Sputnik / Антон Вергун / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота ковид-госпиталя в Белгородской области
Работа ковид-госпиталя в Белгородской области - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла адунеи аҿы COVID-19 зыхьхьо рхыԥхьаӡара 48 005 784 инаӡоит, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 1 224 111 пациент.

АҞӘА, абҵара 5 – Sputnik. Аҽазныкгьы акоронавирус ухьыр ауоу иамуоу атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит авирусолог, Гамалеиа ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рцентр апрофессор Анатоли Альтштеин, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Московское метро во время ограничений в связи с коронавирусом - Sputnik Аҧсны
Роспотребнадзор акоронавирус ашыкьымҭа анылаҟәуа атәы азгәанаҭеит

Акоронавирус аҟынтә ихыхьчага ҳаракны ишьоу – ауаҩытәыҩса ихатә иммунитет ауп. Аԥхьа ачымазара анухьлак ашьҭахь ацәеижь иалшоит COVID-19 иареи рыбжьара аԥынгылақәа еиҿнакаар, аха ус еснагь иҟалалом.

Альтштеин ачымазара зыхьхьоугьы анормақәа зегьы ирықәныҟәаларц ааԥхьара ҟаиҵоит ҳәа аанацҳауеит амаҵзура.

"Ҽазныкгьы акоронавирус ухьыр алшоит. Амала ус аҟалара зынӡа ирацәаӡам. Аха уи иаанаго авирус зкхьоу ауаҩы  нормақәа зегь еицырзеиԥшу дрықәныҟәалароуп. Иҟалалоит аҩнтә раан еиҳа ихьанҭаны иуылаҽыргьы", - иҳәоит авирусолог.

Альтштеин иазиԥхьаӡоит актәи аиммуннтә ҭак ишыҟалаша унарбоит ҳәа.

"Аԥхьатәи ачмазаҩхараан аиммунитет ԥсыҽзар, ауаҩы аҽазныкгьы дычмазаҩхар илшоит. Аҿкра аҩынтә раан еиҳа аҽцәырнаго аҽцәырнамгоу макьаназы иҭҵаам", - иҳәоит авирусолог аинтервиу аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0