Ердоган Путин иабжьигеит Ҟарабах аҭагылазаашьазы аусутә гәыԥ аԥҵазарц

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с президентом Турции Р. Т. Эрдоганом
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Турции Р. Т. Эрдоганом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟарабахтәи акризис иазкны имҩаԥысраны иҟоу аиҿцәажәарақәа ОБСЕ Минсктәи агәыԥ анҭыҵтәи ҩ-ганктәи аформат змоу еиҿцәажәарахар алшоит.

АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Ҭырқәтәыла ахада Таиип Ердоган урыстәылатәи иколлега Владимир Путин иабжьигеит Ҟарабах аҭагылазаашьазы аусутә гәыԥ аԥҵазарц ҳәа аанацҳауеит ателеканал CNN Turk адипломатиатә хыҵхырҭа ҵаҵӷәыс иганы.

Асабшаҽны Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа ҭелла еицәажәеит.

Кремль апресс-маҵзура ишаанацҳауала дара ишьақәдырӷәӷәеит аимак аҭышәныртәаларазы аинырра ишазыхиоу.

Ателеканал адыррақәа рыла Урыстәыла ахада иколлега иажәадгала гәахәарыла идикылеит.

Аусутә гәыԥ ҿыц апроцесс аполитикатә ҭышәныртәалареи аинышәараамҭа ашьҭахь ауснагӡатәқәеи аус рыдыруылалоит. Атәылақәа рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәагьы иара убас ҭелла еицәажәеит.

Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарыцәгьеит цәыббра 27 рзы. Ҟарабах адыррақәа рыла ареспублика ауаа реиланхарҭақәа артиллериала ирылахысуан, аҳҭнықалақь Степанакертгьы налаҵаны. Бақәеи Еревани дара-дара ахара рыдибаҵоит.

Азербайджан. Обострение конфликта в Нагорном Карабахе - Sputnik Аҧсны
Кремль аҳәамҭа ҟанаҵеит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Ҟарабах иалагалахар шауазы

Аибашьратә ҭагылазаашьеи амобилизациеи рыларҳәеит Ермантәыла. Бақәа акәзар, амобилизациа ахәҭакахьала ирылаҳәоуп, акоменданттә сааҭ аус ауеит.

Урыстәыла, Америка, Франциа рхадацәа аҳәамҭа еицыҟарҵеит аибашьра аанкыланы аиҿцәажәаратә мҩа иазкылсырц.

Уаанӡа аганқәа аинышәара рҽазыршәеит жьҭаара 10 рзы Москва имҩаԥысуаз аконсультациақәа раан. Уахь Ермантәылеи Азербаиџьани адәныҟатәи русқәа рминистрцәа неиԥхьеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.

Жьҭаара 10 рзы аганқәа еимырдараны иҟан атҟәацәеи аԥсцәеи аха иара убри амш азы наҟ-ааҟ ахара рыдибаҵеит  аиқәшаҳаҭра аилагаразы. Аҽа ҩынтә: жьҭаара 18, 26 рзы  аинышәараз аҽазышәарақәа мҩаԥган аха илҵшәадахеит.

Ҟарабах аконфликт ахы акит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха-Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР ишалҵуа азы аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь.

1992-1994 шықәсқәа рызтәи аиҿагылара ашьҭахь Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах анапы иҵыҵит иаԥныз араионқәа быжьба налаҵаны. 1992 шықәса раахыс ОБСЕ Минсктәи агәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны аимак ҭынчрыла аилыргаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. Азербаиџьан аҵакыратә акзаара атәы иалацәажәоит, Ермантәыла – иазхаҵам ареспублика аинтересқәа ахьчоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0