Пашиниан иқәҵразы адҵаҟаҵарақәа мҩаԥыргоит: Ермантәыла иҟоу аҭагылазаашьа

© Sputnik / Karen Avetisyan / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчастники акции протеста возле входа в здание парламента Армении в Ереване
Участники акции протеста возле входа в здание парламента Армении в Ереване - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьха Ҟарабах ицоз аибашьра аанкылахеит абҵара 10 рзы Урыстәылеи, Ермантәылеи, Азербаиџьани аиқәшаҳаҭра анрыбжьарҵа ашьҭахь.

АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Ереван аоппозициа имҩаԥырго амассатә акциа алахәылацәа адҵа ҟарҵоит Пашиниан дықәҵразы, аиқәшаҳаҭра инапы ахьаҵеиҩыз азы.

Аҿагыларатә акциа алахәылацәа Никол Пашиниан аҵх агәанынӡа аамҭа ирҭеит иҭыԥ аанижьразы.

"Пашиниан аамҭа иаҳҭоит инапынҵақәа аанижьырц. Адҵа ҟаҳҵоит Апарламент изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥгазарц", - иҳәеит Ермантәылатәи ареволиуциатә федерациа "Дашнакцутиун"ахаҭарнак Ишхан Сагателиан.

Иара излеи1хәаз ала, Пашиниан ирҳәо дацымныҟәар, асааҭ 00:30 (23:30 мск) рзы апресс-конференциа мҩаԥыргараны иҟан уи азҵаара аӡбаразы.

Сагателиан амчрақәа ргәырҽаниҵеит акциа алахәылацәа раанкылара иаламгарц азы.

Асааҭ 20:00 (19.00 мск) рзы имҩаԥыргараны иҟан Апарламент изаамҭанытәим аилатәара. Аилатәара амшхәаԥштә азҵаара ҳәа иқәдыргылоз Ҟарабах аганахьала аиқәшаҳаҭра азхамҵара акәын. Аха аилатәара зымҩаԥымсит аковрум ахьыҟамыз азы.

Убри аан Азербаиџьан ахада аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҟарабах аибашьра еилгеит, аиааира аагеит ҳәа. Алиев иҳәеит Бақәа аԥхасҭа ахәшьара шарҭо, Ермантәыла уи ашәаразы.

Азербаиџьан ахада иацы дырԥылеит Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр, атәылахьчара аминистр, аԥшыхәра ахада. Иара ари арегион аҿы аусеицура иаформат ҿыцуп ҳәа ахиҳәааит. Алиев иара убасгьы иҳәеит аерманцәа рыр Ҟарабах алгара аграфик шышьақәыргылоу, амза нҵәаанӡа ишынагӡахо.

Отправка миротворцев в Нагорный Карабах - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Лачинтәи акоридор хылаԥшра аҭара иалагеит

Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан еиқәшаҳаҭхеит Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы. Аганқәа рыбжьаратәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ахымца аанкылахоит абҵара 10 инаркны. Лачинтәи акоридор иахьаԥнуи Ашьха Ҟарабах аинырратә цәаҳәаҿи иргылахоит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рконтингент.

Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан Facebook аҿтәи иҳәамҭаҿы иазгәеиҭеит ари ашьаҿа даара иара изы ишыхьанҭаз.

Азербаиџьан ахада Ильхам Алиев аиқәшаҳаҭра Ермантәылазы икапитулиациоуп ҳәа ахиҳәааит.

Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Ашьха Ҟарабах Лачинтәи акоридори Лачин - совхоз Лысогорски амҩахәҭеи хылаԥшра аҭара иалагеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0