Москвеи Петербурги рҵараиурҭақәа рыстудентцәа адистанциатә ҵарахьы ииагахоит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосковские старшеклассники переходят на дистанционное обучение
Московские старшеклассники переходят на дистанционное обучение - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Егьырҭ урыстәылатәи арегионқәа ирабжьгоуп дара ахьыҟоу аҭыԥантәи Роспотребнадзори дареи реиқәшаҳаҭрала адистанциатә ҵарахьы аиасра.

АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Москвеи Петербурги рҵараиурҭақәа рыстудентцәа адистанциатә ҵарахьы ииагахоит 2021 шықәса жәабран 6 рҟынӡа ҳәа аҳәоит Урыстәыла Аҵара аминистрра адҵа.

Адҵа иаҵанакуеит аминистрра анапаҵаҟа иҟоу аҵараиурҭақәа зегьы. Адистанциатә ҵарахьы ииасуеит 2020 шықәса абҵара 13 инаркны 2021 шықәса жәабран 6 (аҩбатәи асеместр анҵәамҭа) аҟынӡа.

Егьырҭ урыстәылатәи арегионқәа ирабжьгоуп дара ахьыҟоу аҭыԥантәи Роспотребнадзори дареи реиқәшаҳаҭрала адистанциатә ҵарахь аиасра.

Уи адагьы иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирабжьгоуп астудентцәа асоциалтә цхыраара рзыҟаҵара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0