Урыстәыла ашколқәа рҟны 2022 шықәсанӡа аԥкрақәа ирыцҵахар ҟалоит COVID-19 иахырҟьаны

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКарантин в школах
Карантин в школах - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Роспотребнадзор ԥхынгәымзазы иазнархиеит апандемиа аамҭаазы азеиԥшҵаратәи асоциалтә аобиектқәеи русура ҳәаақәызҵо ақәҵара.

АҞӘА, абҵара 27-Sputnik. COVID-19 алаҵәара ашәарҭа ахьыҟоу азы, Роспотребнадзор иазыԥхьагәанаҭоит ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы асанитартә ԥҟарақәа рыцҵара 2022 шықәса рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Роспотребнадзор ахада, Урыстәыла асанитартә ҳақьым хада Анна Попова лықәҵара апроект шьаҭас иганы.

Московские старшеклассники переходят на дистанционное обучение - Sputnik Аҧсны
Москвеи Петербурги рҵараиурҭақәа рыстудентцәа адистанциатә ҵарахьы ииагахоит

Уажәтәи аредакциала иара аус ауеит 2021 шықәса ажьырныҳәа 1 аҟынӡа.

Роспотребнадзор ԥхынгәымзазы иазнархиеит апандемиа аамҭаазы азеиԥшҵаратәи асоциалтә аобиектқәеи русура ҳәаақәызҵо ақәҵара.

Аԥҟарақәа инарықәыршәаны азин ыҟам амассатә гәыԥтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара, арҵаратә мшеихша шьақәыргылахалароуп ахәыҷқәа реинырра маҷхартә (класс-цыԥхьаӡа акабинетқәа рзалхны).

Уаанӡа Аҵара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵахьан латәаралатәи аформала аҵара рҵоит ҳәа 70 процент урыстәылатәи ашколқәа. Аҵаҩцәа адистанциатә ҵарахь риагара азҵаара рыӡбоит арегионалтә напхгарақәа аҭагылазаашьа ауадаҩраан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0