АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Аԥсны 2021 шықәса аԥхынразы еиҳа заа иаҿарҵо аҭыԥқәа ирылахәуп ҳәа аанацҳауеит аԥсшьаразы анхарҭақәа рҿаҵаразы амаҵзура Tvil.ru.
Аԥснеиԥш иара убасгьы аԥыжәара рымоуп: Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Санкт-Петербурги Ленинградтәи аобласти, Карелиа.
Tvil.ru адыррақәа рыла 2021 шықәсазтәи аҿаҵарақәа 20 процент икаҳаит 2020 шықәсазтәиқәа ирҿырԥшны.
Атуристцәа хынтәны еиҵаны аҿаҵарақәа ҟарҵеит ҵыԥхтә иаҿырԥшны. Убри аан уахыки-ҽнаки рзы ахәԥса 11 процент ихаланы 3025 мааҭ артәеит хҩык рзы шьыжьхьада. Убри аан аотельқәа рҿы аԥсшьара аҭаххара 7 процентк иазҳаит.
Tvil.ru: ишаҳәо ала атуристцәа макьаназ аҭагылазаашьа зеиԥшрахо иазыԥшуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Гагра ашықәсҿыцазтәи аԥсшьаразы азҿлымҳара зыгхаз ақалақьқәа ирылаԥхьаӡахеит
АҞӘА, ажьырныҳәа 16-Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус зыдбалаз 590-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит Урыстәыла, абри атәы аанацҳауеит ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Апандемиа аамҭазы Урыстәыла иԥсхьеит авирус иахҟьаны 65 085-ҩык, ргәы бзиахеит – 2 936 991-ҩык.
Москва рыԥсҭазаара иалҵит 79-ҩык, Санкт-Петербург-67, Подмосковие-32.
Зынӡа COVID-19 иахҟьаны Москва рыԥсҭазаара иалҵхьеит 12 401-ы.
Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа Урыстәыла 24 092 акоронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп, 85 регион рҟны. 12,9% аклиникатә ҟазшьа аадырԥшуамызт. 590-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит. Ргәабзиара шьақәгылеит 27 311-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10378-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8130-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 151-ҩык.
АҞӘА, ажьырныҳәа 16-Sputnik. Роспотребнадзор иатәу аепидемиологиатә ҭҵаарадырратә институт иазнархеит акоронавирус "британиатәи" аштамм аилкааразы атест, иара авирус 1,5 сааҭ рыла ишьақәнырӷәӷәоит, абри атәы аанацҳауеит апресс-маҵзура.
"Атест еилнакаауеит амутациа зауз акоронавирус. Ахархәара зырҭо атехнологиақәа иалдыршоит сааҭки бжаки рыҩнуҵҟа анализ аҭак аарԥшра, егьырҭ атестқәа ракәзар аамҭа рацәа рҭахуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Иазгәаҭоуп, уажәазы иаԥҵоу атест ахарахәаразы аԥышәа иахысуеит, аиԥш зеиԥшу еидкылоу ареагентқәа раԥхьатәиуп адунеиаҿы.
Ԥхынҷкәын аҽеиҩшамҭазы аҳәамҭа ҟаҵан, акоронавирус 70 процент рыла еиҳа иҿку амутациа ҿыц аарԥшуп Британиа ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik. Акоронавирус зцәа иалаз, ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра змаз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы, ажьырныҳәа 14 рзы.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 102-а, урҭ рахьтә 90-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 40-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 26-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 26-ҩык, амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 57-ҩык апациентцәа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10486-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8190-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 152-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>