Урыстәыла аҳәааҿы 2020 шықәса рзы аҳаирплан-ԥшыхәцәа азгәаҭоуп 40% рыла еиҳаны

© Foto / Mike FreerАмериканский самолет-разведчик Lockheed EP-3E Orion, архивное фото
Американский самолет-разведчик Lockheed EP-3E Orion, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӷа иҳауа-космостә жәылара ахархәагақәа ҭарыԥшыхәуеит Урыстәыла арадиотехникатә ар.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Урыстәыла аҳауа-техникатә мчрақәа ррадиотехникатә ар Урыстәыла аҳәааҿы 2020 шықәса рзы аҳаирплан-ԥшыхәцәа азгәарҭеит 40% рыла еиҳаны ҵыԥх аасҭа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Атәылахьчара аминистрра адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Арадиотехникатә ар 2020 шықәса рзы Урыстәыла аҳәааҿы 2020 шықәса рзы зқьы инареиҳаны аҳаирплан-ԥшыхәцәа азгәарҭеит. Ари 40% рыла еиҳауп ҵыԥх аасҭа", - ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.

Иазгәаҭоуп 2019 шықәса рзы атәыла аҳәаа ишахыжьмыз ҩ-миллионк инареиҳаны аҳауатә обиектқәа.

Урыстәыла аҳауа-техникатә мчрақәа ррадиотехникатә ар Урыстәыла арбџьармчқәа аҳауатә ҭагылазаашьазы информациала еиқәнаршәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0