Урыстәыла 2020 шықәса рзы абџьар аекспорт азы аплан нанагӡеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчебно-тренировочные полеты экипажей армейской авиации ЮВО
Учебно-тренировочные полеты экипажей армейской авиации ЮВО - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы абџьар аекспорт азы аилаӡаратә пакет ҿыцқәа реиҿкааразы аусурақәа мҩаԥысуеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Урыстәыла 2020 шықәса рзы абџьар аекспорт азы аплан нанагӡеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аԥыза-министр Иури Борисов иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Аилаӡарақәа рыдкыларазы ҳуалԥшьақәа зегь нагӡоуп", - ҳәа иҳәеит иара аканал "Россия 24" аефир аҿы.

Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы абџьар аекспорт азы аилаӡаратә пакет ҿыцқәа реиҿкааразы аусурақәа мҩаԥысуеит.

"45-55 миллиард рҟынӡа иҟоу ахәԥсала аилаӡарақәа ыҟоуп. Абџьар аџьармыкьаҿы афеида еснагь 14-15 миллиард инаӡоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0