Баренц имшын аҿы иӡааҟәрылаз аӷба Адгьыл Ҿыц ааигәара аԥсыӡкра иаҿын

© Sputnik / Владимир Смирнов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения МЧС в Иркутской области
Учения МЧС в Иркутской области - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсыӡкцәа рыӷба "Онега" 19-ҩык ҭаны Баренц имшын аҿы иӡааҟәрылеит ашәахьа ашьыжь, ҩыџьа еиқәырхоуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Баренц имшын аҿы иӡааҟәрылаз аӷба "Онега" Адгьыл Ҿыц ааигәара аԥсыӡкра иаҿын ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Архангельсктәи аобласт агубернатор Александр Цыбульски иажәақәа шьаҭас иганы.

Урыстәыла АҶА адыррақәа рыла, аԥсыӡкцәа рыӷба "Онега" 19-ҩык ҭаны Баренц имшын аҿы иӡааҟәрылеит ашәахьа ашьыжь, ҩыџьа еиқәырхоуп.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла аӷба амшын иахьадҵаалаз азы иӡааҟәрылеит.

"Аӷба "Онега" МК 0331 Баренц имшын акваториаҿ, Адгьыл Ҿыц ааигәара иӡааҟәрылеит ҳәа аинформациа ҟалеит ашәахьа ашьыжь. Аӷба ҭаҩуп Калинин ихьӡ зху абаӷәазаҿ (Архангельсктәи аобласт). Баренц имшын аҿы иӡааҟәрылаз аӷба "Онега" Адгьыл Ҿыц ааигәара аԥсыӡкра иаҿын", - ҳәа иҩуеит Цыбульски Instagram-аккаунт аҿы.

Аԥсыӡкыҩцәа 17-ҩык рлахьынҵа макьаназ ишьақәыргылам. Ацхырааразы амҩа иқәуп аӷбақәа ҩба, Калинин ихьӡ зху аколхоз иатәу.

Аԥсыӡкыга ӷба "Онега" ргылан Норвегиа, 1979 шықәса рзы, 368 тонна шьҭнахуеит, иҭаҩуп – Мурманск абаӷәазаҿы, Урыстәыла абираҟ иаҵагыланы иныҟәоит. Marine Traffic адыррақәа рыла, аӷба норвегиатәи абаӷәаза Киркинес аҟынтәи ԥхынҷкәын 14 рзы иқәҵит. Мурманскынтә иқәҵит ԥхынҷкәын 11 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0