COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара иаԥырхагоу амзызқәа рыӡбахә ҳәоуп

© Sputnik / Ilya Pitalev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМедработники в прививочном пункте по вакцинации от COVID-19 городской поликлиники в Москве
Медработники в прививочном пункте по вакцинации от COVID-19 городской поликлиники в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла алаҵаҟаҵара мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуеит. Арбагақәа рыла аашә-нызқьҩык инареиҳаны COVID-19 аҟынтәи алаҵа рзыҟарҵахьеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 3-Sputnik. COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара иаԥырхагоу амзызқәа иреиуоуп ауаҩы ОРВИ аҟазшьақәа анидбалоу, ачымазара лаҽ аҽарцәгьаны иҟазар, иара убас арыжәтә џьбареи, ашша рацәаны изло афатәи иҽадицалозар, абри атәы иҳәеит РБК аинтервиу анаиҭоз амедицинатә центр "Лидер Медицина" аҳақьым хада Евгени Тимаков.

Вакцинация российской вакциной от коронавируса в Аргентине - Sputnik Аҧсны
Зынӡаск еиԥшым: Голикова COVID-19 алаҵақәа еиҿлырԥшит

"Алаҵаҟаҵаразы ауаҩы ОРВИ аҟазшьақәа: аԥынҵаеихачра, аимҳәа, ашоура, игәеиҟарамра имазар ҟалаӡом. Иара убас, мызкы аԥхьа ичымазара лаҽ аҽарцәгьаны иҟазар", - иҳәеит Тимаков.

Аҳақьым иҳәеит, алаҵаҟаҵара хымш шыбжьоу арыжәтә џьбареи, ашша рацәаны изло афатәи адкылара шыҟамло.

Алаҵа ашьҭахь ашьақәыӷәӷәара халар алшоит, иара убас, аллергиа змоу, адырҩаҽны, уи хызҽуа ахәшә ржәыр ахәҭоуп.

"Спутник V" Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп 2021 шықәса ажьырныҳәа анҵәамҭазы ҳәа иҳәеит ателеканал RT аинтервиу анеиҭоз Аслан Бжьаниа.

2020 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны азыҳәа ҟанаҵеит 20 000 доза алаҵа Аԥсныҟа аашьҭразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0