Акоронавирус хызҽуа амаҭәашьар рыԥшааит аҵарауаа

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория. Архивное фото.
Лаборатория. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус хызҽуа амаҭәашьар ҿыц аҭҵааразы аусурақәа еицымҩаԥыргон анемеци ашвед ҵарауааи.

АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Агиперхолестеринемиа рыхәышәтәразы рхы иадырхәо афлувастатинқәа акоронавирус ахҽра рылшоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Абри азы анемеци ашвед ҵарауааи иҟарҵаз рыҭҵаамҭа кьыԥхьын апортал MedRxiv аҿы.

Аҟазауаа иаадырԥшит афлувастатин акоронавирус злаҽыз ахацқәа анырра шрынаҭо, урҭ SARS-CoV-2 аиҭарҿиара шрылнамыршо.

Уи адагьы, астатинқәа рыла ирхәышәтәуаз COVID-19 злоу апациентцәа еиҳа еиӷьны ачымазара ишалҵыз ааԥшит.

Аҵарауаа ишазгәарҭо ала, арҭ аҭҵаамҭақәа рылҵшәақәа идыршаҳаҭуеит афлувастатин акоронавирус злоу ауаа ԥырхага шрынамҭо, уи адагьы рчымазара еиҳа еиӷьны ихнаҽыр шалшо.

Ажәабжьқәа зегьы
0