АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Владимир Путин иаԥшьгарала Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниани иареи злахәу х-гакнтәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысраны иҟоуп Москва, ажьырныҳәа 11 рзы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Кремль апресс-маҵзура ажәақәа ҵаҵгәыс иҟаҵаны.
"Владимир Путин иаԥшьгарала Москва ажьырныҳәа 11 рзы имҩаԥысраны иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа, Азербаиџьантәи Ареспублика, Ермантәылатәи Ареспублика рхадацәа злахәу х-гакнтәи аиҿцәажәарақәа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Кремль аҿы иара убас иазгәарҭеит Владимир Путин Ильхам Алиеви Никол Пашиниани аӡәаӡәала драцәажәарц игәы ишҭоу.
Ахтәылак рхадацәа ргәы иҭоуп Москва имҩаԥысраны иҟоу аиԥыларақәа раан Ашьха Ҟарабахтәи аимак аҭышәныртәалара амҩақәеи арегион аҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы ашьаҿақәеи ирылацәажәарц ҳәа аҳәоит Кремль апресс-маҵзура.
Иара убас иагәаҭоуп иҷыдоу азҽлымҳара шаадырԥшуа аибашьра ахьымҩаԥысуаз араионқәа рҟны ԥырхага зауз анхацәа ацхыраара рыҭареи атауар-економикатәи атранспорттәи еимадарақәа раартреи рырҿиареи азҵаарақәа.
Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарцәгьеит цәыббра 27 рзы. Бџьаршьҭыхрыла аиҿагылара аанкыларазы аҽазышәарақәа ҟаҵан. Убас, Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла рхадацәа Владимир Путин, Ильхам Алиев, Никол Пашиниан абҵара 10 рзы рнапы аҵарҩит Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы аицҳәамҭа. Уи инақәыршәаны Ермантәылеи Азербаиџьани иааныркылаз аҭыԥқәа рҿы иаангылоит, Бақәа анапаҵаҟахь ииасуеит Кельбаџьартәи, Лачинтәи, Агдамтәи араионқәа, атҟәацәа еимырдоит. Ҟарабахи Ермантәылеи еимаздо Лачинтәи акоридор аҿы аурыс ҭынчреиҿкааҩцәа гылеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ермантәыла ирыланаҳәеит Ҟарабах ишҭахаз х-нызқьҩык ауааԥсыра
Азербаиџьан Ҟарабах иҭахаз рхыԥхьаӡара иалацәажәеит
АҞӘА, ажьырныҳәа 19– Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа автотранспорт архынҳәратә ныҟәара алагалахоит Шәачантәи Аԥсны аҳәаахь иаауа амҩадуаҿы ҳәа адырра ҟанаҵоит ФКУ Упрдор "Черноморье".
Архынҳәра аҭыԥ аиуеит амҩаду А-147 Џьубга-Шәача-Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаа, аиланхарҭа Лоо аҟны ажьырныҳәа 19 асааҭ 23:00 инаркны ажьырныҳәа 20 асааҭ 23:00 рҟынӡа.
Архынҳәратә ныҟәара аҭыԥқәа асветофор ала иҭышәныртәалахоит.
Акурорт Шәача иахьаҵанакуаз аныҳәамшқәа раан иаԥыхын архынҳәыгақәа, аиланхарҭа Лазаревское 106-тәи акилометр аҿы, аиланхарҭа Лоо 155-тәи акилометр аҿы, амҩаду А-147 Џьубга-Шәача-Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаа аҿы.
Аусурақәа еиҭахацдыркит ажьырныҳәа 12, 2021 шықәсазы.
Апресс-конференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Сергеи Лавров дрылацәажәеит о аепидемиологиатә ҭагылазаашьа, Урыстәылеи Европа атәылақәеи ЕААи реизыҟазаашьа, Алексеи Навальны иаанкылара аганахь ала аҳәынҭқарра апозициа, Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа, Латвиа АИХқәа рзинқәа ахьарҭшәо, Америка алхрақәа уҳәа егьырҭ атемақәагьы.
Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik
Апресс-конференциа анымҩаԥысуаз Адәныҟатәи аусқәа рминистр дазааҭгылеит акоронавирус иаҿагыланы ақәԥара. Сергеи Лавров иазгәеиҭеит Урыстәыла шазыхио аҳәаанырцә тәылақәа аус рыцура алаҵа аҭыжьразы. Иара иажәақәа рыла уажәы аицәажәарақәа мҩаԥысуеит Урыстәылеи Мрагылара Ааигәа атәылақәеи, Африкеи, Азиеи, Латинтәи Америка атәылақәеи рыбжьара. Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит ааигәа Владимир Путини Ангела Меркельи шалацәажәоз алаҵа аҭыжьразы аусеицура.
Урыстәыла абри аус аҿы Китаигьы аус ацнауеит.
"Аханатә, китаитәи ҳҩызцәа Ухань аҭагылазаашьа атәы ишналацәажәаз ацхыраара аҟаҵара амҩа ҳанылеит. Убри аахысгьы агуманитартә цхыраара мҩаԥаагоит" ҳәа иҳәеит иара.
Ишеилкаахаз ала иара Лавров ихаҭагьы акоронавирус иман.
"Ацәеижьҿагылақәа сымоуп, избанзар авирус сцәа иалан. Аха имарианы исхызгеит. Уажәы аҟазауаа абжьгарақәа ҟарҵоит знык изхызгахьоугьы алаҵа ҟарҵарц… Аҳақьымцәеи сареи абри азы ҳаилацәажәараны ҳаҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Лавров.
Ермантәылатәи ажурналист Сергеи Лавров диазҵааит Азербаиџьан итҟәаны иҟоу арратә тәцәа роура анбалшо ҳәа.
Аминистр иажәақәа рыла уажәы Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан асиақәа рышьақәырӷәӷәара мҩаԥыргоит атҟәацәа реимдаразы. Иара иҳәеит абри азҵаараҿы аерман ган ауадаҩрақәа шамоу – асиақәа цқьа ишхаҭәаамыз, ианаамҭазгьы ишынашьҭымыз.
"Азербаиџьан асиақәа азнархиеит. Уа иарбаз ырхынҳәын. Уи инаркны хабарда ибжьаӡыз, итҟәоу ма иаанкылоу рганахь ала зҵаара цәырымҵит", - ҳәа иҳәеит Лавров.
Лавров иажәақәа рыла абҵарамза анҵәамҭазы 62-ҩык аерман милаҭ иеиуоу аруаа Гадруттәи араион ахь инашьҭын. Урҭ уа итҟәан. Азербаиџьан арҭ аруаа аибашьра аанкылараз аҳәамҭа аныҟаҵаз ашьҭахь арегион ахь инашьҭын рызҵаарагьы хазы иӡбтәуп ҳәа иаԥхьаӡоит.
"Ус шакәугьы ҳара ари азҵаара аӡбра алыршара ҳҽазаҳшәоит "зегьы зегьы рыла аиҭныԥсахлара" апринцип инақәыршәаны. Ермантәыла Атәылахьчара аминистри сареи ҳаицәажәон. Сҽазысшәеит асиақәа ныҭкааны ирхиазарц, аха атҟәацәа рхыԥхьаӡара 62 иреиҳахеит. Уажәы ҳара ҳарратә напхгареи Ермантәылеи Азербаиџьани рырратә напхгареи еилацәажәоит, асиақәа еиҿдырԥшуеит", - ҳәа иҳәеит Лавров.
Иара убасгьы аминистр иҳәеит Ҟарабах ауааԥсыра рыгәҭа ишалацәажәо арегион Урыстәыла адҵара азҵаара, аха Урыстәыла уи аҩыза ахахьы ишаанамго.
"Ҳара ҳгәаанагарала ари арегион аҿы ицәырҵуа азҵаарақәа атәылақәа аҩба ирыӡблароуп" ҳәа иҳәеит иара.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр азхьаԥшра аиҭеит Киев минсктәии нормандиатәии аиқәшаҳаҭрақәа шынанамыгӡо, аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәагьы арҭ аиқәшаҳаҭрақәа ноугӡар ҟалоит иноумыгӡаргьы ҟалоит ҳәа ирҳәо.
Лавров иҳәеит Урыстәыла аҽакала ахымҩаԥгара ишалаго Парижи Берлини Киев арҭ аиқәшаҳаҭрақәа ирықәныҟәо ирзыҟамҵар.
"Сара сзы ихадоу афранцызцәеи анемеццәеи ргәаанагароуп. Ҳара киевтәи ахаҭарнакцәа акахьы раагаразы аҳәара анаауа дара рхы ԥхьаркуеит. Официалтә ҳәамҭакгьы ҟарҵом. Украинеи иара анапхгареи ргәы рзырхьуа акы аҳәара ҟамлозар, уигьы аартны ирҳәааит", - ҳәа иҳәеит иара.
Иара убасгьы иалацәажәан Киеви ЛЖәРеи ДЖәРеи реизыҟазаашьа. Лавров иажәақәа рыла Украина аиҳабыра ацәыԥхашьозароуп атҟәацәа реимдара ахьдыргәагәо.
Апресс-конференциаҿ иара убасгьы иазааҭгылан Америка алхрақәа ртема. Урыстәыла ААР аминистр акритика рзиуит абжьыҭара аметодқәак – абиуллетеньқәа ԥошьҭала рынашьҭра, асоциалтә ҳақәа ауаажәларратә гәаанагара рзеиҿкаара реиԥш иҟақәаз.
"95 миллион биуллетень ԥошьҭала ишьҭын. Урҭ 2/3 харҭәаан. Америкатәи алхратә нормативқәа ирыҵаркуамзар ауп мчыла абиуллетеньқәа рынашьҭара. 40% абыжьқәа ԥошьҭала ианынашьҭу, узызхәыцша акоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Лавров деигәыӷуеит Џьозеф Баиден иеиҳабыра Урыстәыла аганахь ала еиҳа маҷк рхаҿы аарԥшхап ҳәа.
Дональд Трампи иара идгылаҩцәеи рсаитқәа раркра далацәажәо Лавров иҳәеит "атехнологиатә гигантқәа рзы аконституциа акгьы шаанамго, уи уамырхәыцыр шзалымшо".
Ахы иақәиҭны аинформациа аиура иалацәажәан урысшәала иҩуа латвиатәи ажурналистцәа рус аконтекст инақәыршәаны. Латвиатәи ажурналистцәа ахара рыдҵан Евроеидгыла асанкциақәа ррежим еиларгеит ҳәа.
"ООН, ОБСЕ, Еврохеилак рахь ашәҟәқәа ҳашьҭхьеит. Ԥхьаҟагьы аус ааулоит абри аганахьала. Асеиԥш ахҭысқәа аҭыԥ анроуа, убри аан ҳара амассатә информациа ахархәагақәа рзинқәа шеиларго азы узвамло афактқәа анҳамоу, ООН азинхьчаратә форматқәа рҿы иҟоу амеханизмқәа иҟоу рызмыриашаргьы, азхьаԥшра арҭоит. Ҳара иаҳҭахуп аконвенциақәа рҿы иҟоу амеханизмқәа, асеиԥш аилагара ариашаразы атәыла ақәыӡбара азҭо амеханизмқәа, аилагарақәа аԥыххаанӡа ахара змоу иааиҟәамҵуа ишьҭоу амеханизмқәа аус рырура", - ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр игәаанагарала, урысшәала иҩуа АИХқәа рыӡбахә анырҳәо жәларбжьаратәи аструктурақәа "аиаша азықәԥара рҽацәхьаркуама ҳәа рзуҳәартә рхы мҩаԥыргоит".
Лавров иазгәеиҭеит Латвиа ахатәџьынџьуаа рганахьала ахымҩаԥгашьа "иҷыдоу аполитикатә ориентациа" амазаароуп иаанаго ҳәа.
Сергеи Лавров иҳәеит Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа инарываргыланы Урыстәыла ААР агәы иҭоуп ари аус аҭҵаара иаднаԥхьаларц ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭахь ашшра зылшо егьырҭ иеиҳабыратәым аиҿкаарақәагьы.
"Ари аҭагылазаашьа ҩбаны еилкаашьа амам. Иҟоу ыҟоуп. Сгәы иаанагом аӡбарҭа азыӡба аднакыларц азы аамҭа рацәа аҭахуп ҳәа. Уи адагьы азиндырыҩцәа-жәларбжьаратә усзуҩцәеи аџьынџьуаа рзинқәа рыхьчаразы Афонди аус рыцаауеит. Дара азыхиоуп ажурналистцәа ацхыраара рыҭара. Sputnik ҳадгылоит уи урыстәылатәи амассатә информациа иахьахархәагоу мацаразы акәым, иарбанзаалак атәыла атәылауаҩ аинформациа иахьиҭаху аҟынтә иоурц азин ахьимоу азы", - ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәыла ААР иақәыӡбеит Прибалтика ажурналистцәа рганахьала иҟоу ақәымчра>>
"Иҳашьҭоуп": ажурналист еиҭалҳәеит урыстәылатәи АИХқәа рзы иҩуа Латвиа ишырзыҟоу>>
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ипресс-конференциа х-сааҭк инарзынаԥшуа ицон. Ари аамҭала иара ажурналистцәа рызҵаарақәа 20 рҭак ҟаиҵеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 544-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 176-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 120-ҩык, урҭ рахьтә 105-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 26-ҩык, ибжьаратәуп - 35-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 20-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 24-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 60-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>