Урыстәыла ААР иақәыӡбеит Прибалтика ажурналистцәа рганахьала иҟоу ақәымчра

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание МИД России
Здание МИД России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 13 рзы иазгәарҭоит урыстәылатәи акьыԥхь амш, аныҳәа ақәыршәоуп икьыԥхьу агазеҭ "Ведомости" раԥхьатәи аномер анҭыҵыз амш - ажьырныҳәа 13, 1703 шықәса.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿгьы иақәыӡбеит Прибалтика атәылақәа рҟны амчрақәа урыс бызшәала иҩуа ажурналистцәа рганахьала иаадырԥшуа ахымҩаԥгашьа. Абри атәы азгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәаҿы.

Sputnik Латвия вернулся к читателям в доменной зоне .com - Sputnik Аҧсны
Ахьархәразы: Sputnik Латвиеи Baltnews равторцәа зааныркылазеи

"Агәҭынчымзаара ҳазцәырнагоит Прибалтика атәылақәа рҟны ажурналистцәа рзин ахьеилагоу. Ԥхынҷкәын 3, 2020 шықәсазы Латвиа Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иааныркалеит Sputnik Латвиеи Baltnews-и равторцәа быжьҩык. Иҟалаз АИХқәа рхақәиҭреи ахатә гәаанагара аҳәареи ирҿагылоу ҿырԥшуп", - ҳәа азгәарҭеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Facebook адаҟьаҿы.

Латвиа МИА "Россия сегодня" азы аус ахьыруаз иахырҟьаны быжьҩык ажурналистцәа рганахьала ашьаусҭҵаара хацыркуп. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҿы иазгәарҭеит ажурналистцәа ишеиларгаз Латвиа иаланагалаз амилаҭтә санкциақәа (Латвиа АЗ ахәҭаҷ 84).

Уи аԥхьа, Латвиа Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ԥхынҷкәын 3 рзы аԥшаарақәеи аҿахәҿыхрақәеи мҩаԥыргеит. Астатиа зкьыԥхьыз авторцәеи урыстәылатәи апорталқәа Baltnews-и Sputnik Латвиеи ртехника рымырхит. Амаҵзура аусзуҩцәа ааныркылеит, рҿахәы рҿыхны иоурышьҭит фҩык латвиатәи авторцәа, Baltnews.lv уаанӡатәи аредактор Андреи Иаковлев, апублицист Владимир Линдерман, ажурналистцәа Андреи Солопенкои Алла Березовскаиеи. Ажурналистцәа рыҩнқәа рҟны аԥшаарақәеи аҿахәҿыхрақәеи мҩаԥыргеит.

2019 шықәсазы Латвиа апарламентарицәа ааԥхьара ҟарҵеит "Sputnik Литва" асаит ахь анашьҭра адыркырц, аредактор хада даанкылан, хәышықәса ҳәа атәыла далцоуп. Ажьырныҳәа 1, 2020 шықәсазы ирыҭаз ақәыӷәӷәара иахҟьаны русура ааныркалеит "Sputnik Эстония" аусзуҩцәа. Латвиа русура аанкылоуп "RT" ателеканал, иара убас иаркуп "Первый балтийский канал".

 

Ажәабжьқәа зегьы
0