АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Урыс бызшәала иҩуа латвиатәи ажурналистцәа иҳашьҭоуп Латвиа, абри атәы лҳәеит RT аинтервиу азҭаз латвиатәи ажурналист Алла Березовскаиа.
Березовскаиа лыҩны аԥшаарақәа мҩаԥыргеит, иара убас ауаажәларратә усзуҩ, апублицист Владимир Линдермани, Baltnews.lv уаанӡатәи аредактор Андреи Иаковлеви рыҩнқәа рҟынгьы иҩналаны еимдеит.
"Евроеидгылеи егьырҭ жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи иаларгалаз асанкциақәеи Латвиа иаланагалаз амилаҭтә санкциақәеи еилаҳгеит ҳәа ахара ҳадырҵоит. Уи зынӡагьы ҳақәшаҳаҭӡам", - лҳәеит аинтервиу аҟны.
Латвиа, МИА "Россия сегодня" азы аус ахьыруаз иахырҟьаны быжьҩык ажурналистцәа рганахьала ашьаусҭҵаара хацыркуп. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҿы иазгәарҭеит ажурналистцәа ишеиларгаз Латвиа иаланагалаз амилаҭтә санкциақәа (Латвиа АЗ ахәҭаҷ 84).
Уи аԥхьа, Латвиа Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ԥхынҷкәын 3 рзы аԥшаарақәеи аҿахәҿыхрақәеи мҩаԥыргеит. Астатиа зкьыԥхьыз авторцәеи урыстәылатәи апорталқәа Baltnewsи Sputnik Латвиеи ртехника рымырхит. Амаҵзура аусзуҩцәа ааныркылеит, рҿахәы рҿыхны иоурышьҭит фҩык латвиатәи авторцәа - Baltnews.lv уаанӡатәи аредактор Андреи Иаковлев, апублицист Владимир Линдерман, ажурналистцәа Андреи Солопенкои Алла Березовскаиеи. Арҭ АИХқәа рзы иҩуа латвиатәи ажурналистцәа аштатнҭыҵтә авторцәоуп.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿгьы иақәыӡбеит урыс бызшәала иҩуа ажурналистцәа рганахьала латвиатәи амчрақәа иаадырԥшуа ахымҩаԥгашьа. Иҟалаз "АИХқәа рхақәиҭреи ахатә гәаанагара аҳәареи ирҿагылоу ҿырԥшуп" ҳәа азгәарҭеит дара. МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов ахҭыс ахҳәаа аҭо, иазгәеиҭеит, хаз аӡәы изырхоу асанкциақәеи урыстәылатәи аиҿкаарақәеи аилахәырақәеи рганахьала иалагалоу аԥкрақәеи ак шракәым. МИА "Россия сегодня" RT аредактор хада Маргарита Симониан дгәыӷуеит Урыстәыла иахәҭоу аҭак ҟанаҵап ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәыла ААР иақәыӡбеит Прибалтика ажурналистцәа рганахь ала иҟоу ақәымчра
АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Нигериа аҩада-мраҭашәаратәи аштат Замфара аҿы атеррористцәа азеиԥшынхарҭаҟынтәи 300-ҩык ашколӡӷабцәа мҵадырсит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ PM News адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
Атеррористцәа ақәылара руит ахәаша ауха, аиланхарҭа Джангебе абжьаратә школаҿы. Иҟоу адыррақәа рыладара ашкол ааигәара игылаз арратә пост иақәлеит, нас ашкол иажәлеит. Аӡӷабцәа ахыбра идәылыргеит асааҭ 02.00 (04.00 мск) рзы.
Аррамаҵзурауаа ажәылараан ахәрақәа роузар ҟалоит. Аҭыԥатәи ауаа аӡӷабцәа реиқәырхаразы аԥшаарақәа ирҿуп.
Ашкол адиректор агазеҭ Punch иазеиҭеиҳәеит ақәылаҩцәа аҵх рҽалакны машьыналеи амотациклқәа рылеи ишааз. Ақәылара ҟазҵаз рҟынтәи ԥыҭҩык атәыла ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа рцәамаҭәа ршәын.
АҞӘА, жәабран 26- Sputnik. Урыстәыла аепидемпроцесс ахысраан алҵшәа бзиақәа аанарԥшуеит, адунеи атәылақәа жәпакы иреиӷьуп ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Роспотребнадзор аиҳабы Анна Попова. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Апандемиаамҭаан Урыстәыла аепидемиатә процесс ахысраан алҵшәа бзиақәа аанарԥшуеит, адунеи атәылақәа жәпакы иреиӷьуп. Уи ҳҵарауааи ҳапрактикцәеи роуп изџьушьаша", - лҳәеит Попова Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаараҿы иаартыз ацәыргақәҵаҿ.
Роспотребнадзор аиҳабы лгәаанаграла Урыстәыла акоронавирус аҟынтәи алаҵақәа хԥа рыла алаҵаҟаҵара алыршара ԥыжәара дуӡӡоуп, игәадуроуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Ҳраион аҟны 20 қыҭа ыҟоуп, ашьамаҟа хыԥхьаӡарала иугозар 45 нызқь рҟынӡа инаӡоит. Ачымазара бааԥсқәа узыцәшәаша ҳәа макьана акгьы ҳамам. Арахә ачымазара рыламҽырц ҳазҿу аусурақәа ыҟоуп, аха ҳазхьымӡогьы рацәоуп. Сара аусураҟны аҳақьым дсымаӡам. Афельдшер аӡәы апрактика дахысуеит, аӡәы еилзырго лоуп акәымзар, аҳақьым ҳара ҳҟны дааиӡом ауалафахәы амаҷра иахҟьаны. Ачымазарақәа рҟынтәи ахшәқәа ааҳгоит, ҳамч ахьынӡарықәхо. Араион аҟынтәигьы ацхыраара ҟарҵоит, аха уи жәаџьара ишаны хәҭак. Абиуџьет уажәы еиҵартәеит, 80 нызқь мааҭ шықәсык ҳәа иԥхьаӡан. Хык 350 мааҭ ақәӡоит иҟауҵозар (ахәшә). 45 нызқь хы арахә ахьыҟоу, ажәқәа мацара аагозар, хәҭак хыџьара- ԥшьыџьара ишаны иҟалоит. Ачымазара рыхьаанӡа апрофилактика аҳасабала алаҵа ҟауҵароуп", - иҳәеит Гыцба.
Шәазыӡырҩы аудио.