Фҩык ауаа рыԥсы еиқәдырхеит Домбаи асыԥсалеира ашьҭахь

© Sputnik / Григорий ПрусенкоСход лавины на Домбае
Сход лавины на Домбае - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Домбаи, ашьха Мусса-Ачитара асыԥса леит, амҩан ашәҩа маҭәахәқәа зыҩназ аҩнхәыҷқәа аҵакны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Фҩык ауаа рыԥсы еиқәхеит Домбаи асыԥсалеира ашьҭахь, даҽаӡәы иԥшаара иаҿуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аиқәырхаратә операциа алахәыла иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Ашәахьа ашьыжь Ҟарачы-Черкесиатәи акурорт Домбаи асыԥса леит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла асы иаҵаханы иҟан 4-ҩык инадыркны 12-ҩык рҟынӡа.

"Фҩык рыԥсы ҭаны асы иаҵхуп, уажәазы аҽаӡәы иԥшаара иаҿуп", - ҳәа иҳәеит амаҵзура зыҿцәажәоз.

Домбаи, ашьха Мусса-Ачитара асыԥса леит, асыԥсамҩа иаҵанакит ашәҩаныҟәарҭа трасса. Иамҩатәны авагон маҷқәа ҩба хнаҩеит, нас ишеилкаахаз ала аус зымуаз акаҳуажәырҭа аахақәа анаҭеит.

Асыԥсаҿагыларатә маҵзураҿы иҟоуп агәаанагара даҽа сыԥсак, иԥсабаратәымкәа инашьҭыз ари асыԥса анырра анаҭар ҟалон ҳәа.

Аиқәырхаҩцәа ргәыԥ 172-ҩык ыҟоуп. АҶА аҿы иазгәарҭеит ажьырныҳәа 17-19 рзы Ҟарачы-Черқьесск ашьхақәа рҿы асыԥсалеира шәарҭоуп ҳәа агәҽанҵара шыҟарҵахьаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0